«Абызшәа Аҵарҭа Центр -Академиа» 2018 шықәса зҵара хзырқәшаз асертификатқәа ранашьоуп

Жәларбжьаратәи Афонд Аԥсны ацхыраарақәа рыла аҳҭнықалақь Аҟәа аусурақәа мҩаԥызго  «Абызшәа Аҵарҭа Центр -Академиа» 2018 шықәса зҵара хзырқәшаз асертификатқәа ранашьан. Зықәрақәа 4-14 шықәса рыбжьара иҟоу 124 аҵаҩцәа абызшәа аҵарҭа ацентр аҟны англыз бызшәа аурысшәа аҭырқәшәа насгьы аиспан бызшәа қәҿиарала иддырҵоит. Иара убас ахәыҷқәа рзыҳәан аментальтә арифметика дырҵара аус иацырцоит. Аментальтә арифметика дырҵара ҳазҭоу ашықәс ишалагазгьы ахәыҷқәеи аҭаацәа рҟынтәи азҿлымҳара ду аарԥшуп.

Абызшәа Аҵарҭа Центр -Академиа аҿы еиуеиԥшым ахырхырҭақәагьы рымоуп ауниверситет иалагалараны иҟоу аҵаҩцәа рзыҳәан аҽазыҟаҵаратә урокқәа мҩаԥыргоит.

Рсертификат жәларбжьаратәи азхаҵара змоу ацентр аҟны аҭыԥантәи аҳәаанырцәынтәи аԥышәара змоу арҵаҩцәа рыла ишьақәгылоуп.

Аҵаҩцәа рсертификатқәа ранашьаразы имҩаԥгаз ацеремониаҿы ажәа зырҭаз Сонер Гогуа, уажәраанӡа ишыҟаз еиԥш ушьҭарнахысгьы Академиа адгылара шарҭо даззаҭгыланы, иаадрыԥшыз рылҵшәақәа агәеизҳара шрынаҭогьы азгәаҭаны аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит.

Абызшәа Аҵарҭа Центр -Академиа ахада Ирина Чкадуа-ԥҳагьы аус лыцызуа рықәҿиарақәа рзы иҭабуп ҳәа раҳәаны реихьӡарақәа еиҳа ишаздырҳауа аганахьала агәыӷра шлымоу азгәалҭеит.

Ацеремониа анхыркәшаха ашьҭахь зхы алазырхәыз зегьы аишәахь ааԥхьара рыҭан.

 

Subscribe to Syndicate