Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль мҩаҧысуеит Шәача ақалақь аҿы

Арҭ амшқәа рзы, Шәача имҩаҧысуа аҿари астудентцәеи Адунеизегьтәи рфестиваль, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала далахәуп Нелли Берулааҧҳа. Аофициалла афестиваль аартын жьҭаарамза 15рзы, Шәача ақалақь, ахан «Большой» аҟны. Уи шьаҭас иаман абас еиҧш иҟаз актуалра змоу атемақәа: аекологиа, арыцҳара, аҵарадырра, афымцамчы, аинформациа, аҭҵаарадырра. Аартра мҩаҧысит аныҳәатә ҟазшьа аҭаны, досу итәыла ахьӡала дықәгылан, апроектқәа ирылацәажәан.

Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба, афестиваль аартра ихы алаирхәит, иара убас Аҧснытәи аделегациа адгылареи, агәышьҭыхреи риҭеит.

Урыстәылатәи  Афедерациа ахада Владимир Путин, афестиваль аартраҿы еизаз рҿаҧхьа дықәгылеит, аихьӡарақәа рзеиӷьеишьеит.

Афестиваль иалахәуп адунеи ахы-аҵыхәа аҟынтәи 20 нызқьҩык рҟынӡа ауаа, аспециалистцәа ҿарацәа, активистцәа, астудентцәа. Урҭ алшара рымоуп апрофессионалтә ҧышәа аимдара, аибадырра.

Subscribe to Syndicate