Афонд Аҧҟаҵәа

Ауаажәларратә Еиҿкаара
«Аҧсны Жәларбжьаратәи Афонд»
Аҧҟаҧҵәа

Ақ. Аҟәа. 2015ш.

1. Азеиҧш ҚӘҴАРА
1.1. Ауаажәларратә еиҿкаара «Аҧсны Жәларбжьаратәи Афонд» (анаҩсан «Аиҿкаара») Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә кодекс, «Ауаажәларратә еидгылақәеи, аполитикатә партиақәеи рзы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәани егьырҭ Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵаратә актқәеи инарықәыршәаны еиҿкаауп.
1.2. Аиҿкаара аофициалтә бызшәаны иҟоуп: аҧсуа бызшәа, аурыс бызшәа.
1.3. Аиҿкаара аҧсышәала аофициалтә хьӡы ауаажәларратә еиҿкаара «Аҧсны Жәларбжьаратәи Афонд».
1.4. Аиҿкаара иркьаҿу ахьӡ: АЕ «АЖЪА».
1.5. Аиҿкаара урысшәала аофициалтә хьӡы: общественная организация «Международный Фонд Апсны».
1.6. Аиҿкаара иркьаҿу ахьӡ: ОО «МФА».
1.7. Ахьӡқәа общественная организация «Международный Фонд Апсны», ОО «МФА», ауаажәларратә еиҿкаара «Аҧсны Жәларбжьаратәи Афонд», АЕ «АЖЪА» ҵакыла еиҧшуп.
1.8. Аиҿкаара ахьыҟо аҭыҧ ақ. Аҟәа, Пушкин им.16.
1.9.Аиҿкаара алахәылацәа змоу, асоциалтә хырхарҭа змоу уаажәларратә еидгылоуп, иара еиҿыркааит хатәгәаҧхарала амазаратә лагала ҟазҵаз атәылауаа, рхы6ъкы-асоциалтәи, агәыҳалалратәи егьырҭ ауаажәларра ирзеиӷьу ахықәкқәа. Амазара, Аиҿкаара аҧҵаҩцәа иаларгалаз, Аиҿкаара иахатәуп.
1.10. Аиҿкаара иара аусура мҩаҧнагоит Аҧсны Аҳәынҭқарреи атъым тъыла6ъеи р=ы ахаҭарнакрақәеи афилиалқәеи раартрала. Ахаҭарнакрақәеи афилиалқәеи аус руеит Аиҿкаара ахьӡ ала, уи Ахадара ишьақәнарӷәӷәазақәҵара инақәыршәаны.
1.11. Аиҿкаара иуристтә хаҿуп, иара хықәкыс иамаӡам ахашәала арҳара. Аиҿкаара аусура иалҵшәаны ахашәала арҳартә иҟалозар, урҭ шьҭызароуп аҧҟаҧҵәатә хықәкқәа рынагӡаразы.
1.12. Аиҿкаара иамоу амазара иара иахатәуп,  алахәылацәеи егьырҭ ахаҿқәеи иара иахатәны иарҭаз амазара уахь иналаҵаны. Аиҿкаара иаҭоу амазара ахархәара аиуеит Аҧҟаҧҵәаҿы иарбоу ахықәкқәа рынагӡаразы. Аиҿкаара азин амоуп анапалакратә усура амҩаҧгара, ауаажәларра ирзеиӷьу аус6ъа рынагӡаразы. Аиҿкаара зеиҿкааугьы, убри ахықәкқәа рынагӡразоуп. Анапалакратә усура амҩаҧгаразы Аиҿкаара азин амоуп ахатә еилазаара аиҿкаара, ма аилазаара алахәылара.
1.13. Аиҿкаара аиуристтә хаҿра аанахәоит аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара ашьҭахь. Аиҿкаара иамоуп ахатәы баланс, ахьӡ зну амҳәыр гежь, аштамп, аҧхьаӡаратә, авалиутатә, ма егьырҭ ахыҧхьаӡаларҭақәа Аҧсны Аҳәынҭқарра абанктә усбарҭақәа рҿеиҧш аҳәаанхыҵгьы, егьырҭ ареквизитқәа, аус мҩаҧнагоит анхамҩатә хьыҧшымра апринцип ала, иахьатәи азакәанҧҵара иқәныҟәаны.
1.14. Аиҿкаара ахаҭа иалнахуеит аусура ахырхарҭа, аекономикатәи асоциалтәи ҿиара астратегиа. Аиҿкаара азин амоуп  аахәара амазаратәи ихатәу имазаратәыми азинқәа, аҭакҧхықәрақәа рынагӡара, аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара.
1.15. Аиҿкаара аҭак ҟанаҵоит иара амазаратә хыдҵақәа рзы, азакәанҧҵарала алахьаҭара ззырхазар ҟало.
1.16.Аиҿкаара аҭак ҟанаҵаӡом аҳәынҭқарреи иара аусбарҭақәеи рхыдҵазы. Аҳәынҭқарра иара аусбарҭақәа аҭак ҟарҵаӡом Аиҿкаара ахыдҵазы.
1.17. Аиҿкаара аҧҵаҩцәа рхыдҵазы аҭак ҟанаҵаӡом. Аҧҵаҩцәа аҭак ҟарҵаӡом Аиҿкаара ахыдҵақәа рзы.

2.АИҾКААРА АХЫҚӘКҚӘА, АУСУРА ХКҚӘА, АХЫДҴАҚӘА
2.1. Аиҿкаара ихадоу хықәкны иамоуп аҳәаанхыҵ Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра астатус арӷәӷәара,  социалла иӷәӷәоуи економикала иҭышәынтәалоуи аҳәынҭқарра адемократиа апринципқәа рышьаҭала. Аус аднаулоит Аҧсны Аҳәынҭқарра иқәынхо аҧсуааи адунеи зегь аҿы иҟоу аҧсуа диаспореи реимадарақәа рырҿиареи рыхьчареи.
2. Аиҿкаара иахықәкқәаны иҟоуп:
-ажәларқәа рыбжьара аҭынчреи, аиҩызареи, аиқәшаҳаҭреи рыбжьаҵараҿы адгылара, ажәлар рҿаҧхьа и6ъгылоу астратегиатә ҳасабтәқәа рыӡбара хықәкыс иҟаҵаны ажәлар реизакра, ажәлар рыбжьара адинхаҵаратә, асоциалтә, амилаҭтә конфликтқәа рцәырҵра алмыршара;
-адунеи зегь аҿы иҟоу аҧсуаа реидгылара, адоуҳатәи акультуратәи ҭынха, аҭоурых, аҧсуаа рмилаҭтә ҷыдара ахьчара, уи еи7агыло абиҧара6ъа рызнагара, иаҭахыу азанааҭдырҩцәа адгаланы, амчқәа еилаҵаны, апрограммақәа реиҿкаара, рынагӡара, астратегиатә проблемақәа рыӡбара азы, урҭ адемографиатә, асоциалтә, акультуратә, адинхаҵаратә уҳәа аҳәынҭқарра аргылараҿы иҵару азҵаарақәа рыӡбара ахырхарҭа аҭаны;
-аҧсуа жәлар рхаҭарнакцәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рыхынҳәразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзаҧҵара, урҭ ара рашьцылара, иара убас аҳәаанырцэ инхо щхыл7шь0ра6ъа  ркультуратә ҭынхеи рхатәы бызшәеи ахьчараҿы ацхыраара рыҭара;
-адемократиа апринципқәа шьаҭара азуа, аҳәынҭқарратә ргылараҿы адиаспора ралахәхара адгылара рыҭара;
-Аҧсны асоциал-економикатә ҧсҭазаара щдиаспора ралахәра=ы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзаҧҵара;
2.3. Аиҿкаара иамоуп азин анаҩстәи аусура ахкқәа рымҩаҧгара:
•    агәыҳалалратә усура;
•    Аҧсны атәылауааи, адиаспореи иҷыдоу хырхарҭала ацхыраара рыҭара;
•    щдиаспора рзы азакәан ҷыда анхара аиҿкааразы;
•    Аҧсны атәылауааи адиаспореи усурҭала реиқәыршәара;
•    аҳәаанхыҵ иҟоу аицтәылауаа зыквалификациа ҳаракыу, аиуристә цхыраара рыҭара анхара аиасра азы иаҭахыу ашәҟәқәа реиқәыршәаразы, иара убас  аилацәажәаратә цхыраара амюа8гара.
•    нхара ахынщъра аҭагылазаашьаҿы ахәыҷқәеи аҭаацәеи апсихологиатәи афинанстәи цхыраара рыҭара;
•    аҭыжьратә усура;
•    агәыҳалалратә хықәкы змоу алотореиақәа, аукционқәа, афестивальқәа, ацәыргақәҵақәа, аспорттәи егьырҭ аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаареи рымҩаҧгареи;
•    аицтәылауаҩ абизнес ахь узықәгәыӷуа илагалараҿы адгылара иҭара, иара убас абизнес иманшәаланы ашьақәгылараҿы ацхыраара изыҟаҵара;
•    Аиҿкаара Аҧҟаҧҵәа апрограмма аус аӡбараан аҳәынҭқарратәи, ауаажәларратәи, адинхаҵаратәи егьырҭ аиҿкаарақәеи рымч аилаҵараҿы адгылара;
•    Анхара ашьцылараан аицтәылауаа аҭагылазаашьа ҿыцқъа рза87араҿы ацхыраара рыҭара, аусура раларгареи, рынхарҭа ашьақәыргылареи рҿы;
•    Аиҿкаара аусура аиҵыхразы аҭыҧантәи аҳәаанырцәтәи аиҿкаарақәа рыбжьара аимадарақәа рыбжьаҵареи аусеицуреи;
•    Аҭоурыхтә Ҧсадгьыл дырбаразы щдиаспора аибадырратә турқәа рзеиҿкаара;
•    Аҳәаанырцәтәи аиҿкаарақәеи ахатъ хаҿқәа рҟынтә агәыҳалалратәи егьырҭ ацхыраарақәеи реиҿкаара;
•    Аҧсны Аҳәынҭқарра ахаҭаратә еилазаара аиҿкаара, иара убас ахатә еилазаара аусураҿы алахәылара;
•    Иаҭахыу азанааҭдырыҩцәа адгаланы аполитикеи, аекономикеи, азини, аҭоурыхи, акультуреи, адемографиеи уҳәа ,егьырҭ азҵаатәқәа рыла аҭҵааратә усурақәа реиҿкаара;
•    Ахатәы бызшәа аҵараҿы ацхыраара аҟаҵара, арҵагатә цхыраагӡақәа, ахатәы бызшәа аҵаразы апрограмма аиқәыршәара;
•    Акьыҧхьтә аалыҵ аҭыжьрала аҧсуа культуратә ҭынха ахьчараҿы ацхыраара аҟаҵара, ацәыргақәҵақәа, афорумқәа, аизарақәа уҳәа егьырҭ аусмҩаҧгатәқәа реи=каара алыршара
•    астипендиа, апремиа, адиплом а87ара;
•    Аиҿкаара аусура иадҳәалоу азҵаатәқәа рыӡбара, аимадара абжьаҵара хықәкыс иҟаҵаны Аиҿкаареи Аҧсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәеи аҳәаанхыҵйа русуратъ ныҟәара аиҿкаара;
•    Аиҿкаара аҧҟаҧҵәатә усқәа рызҵаатәқәа рзы аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи анапхгараҭарақъеи, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи, аиуристтәи ауаажәларратә хаҿқәеи рымадара;
2.4. Аиҿкаара имҩаҧнагоит егьырҭ аусурақәагьы, Аҧсны Аҳәынҭқарра иахьатәи азакәанҧҵара иаҿамгыло Аиҿкаара ахықәкқәеи аҳасабтәқәеи инарықәыршәаны;
2.5. Аиҿкаара аҭакҧхықәра
•    Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәаанҧҵареи егьырҭ азинтә актқәеи, иара убас жәларбжьаратәи азин апрнцип6ъа рықәныҟәара;
•    Аиҿкаара ашәҟәҭагалара мҩаҧызго аусбарҭа ацхыраара азыҟаҵара, Аиҿкаара аусмҩаҧгатәқәа рилыркааразы

3.АИҾКААРА АЛАХӘЫЛАРА
3.1. Аиҿкаара алахәхара хатәгәаҧхаралоуп, иҟалоит хаҭалатәны, ма гъы8ла.
3.2. Аиҿкаара хаҭалатәи лахәыланы дҟалар ауеит Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ, аҳәаанҭыҵтәи атәылауаҩ, ма атәылауаҩра змам ауаҩы, 18 шықәса ирҭысхьо, Аиҿкаара ахықәкқәеи аҳасабтәқәеи здызкыло, Аҧҟаҧҵәа азхазҵо, иара аусураҿы иалахәу;
3.3. Аиҿкаара алахәхара рылшоит  анаплакы аусзуюцъа, аиҿкаарақәа, аусбарҭақәа, атәылауаа Руаажәларратә еидгылақәа, Аиҿкаара ахықәкқәеи аҳасабтәқәеи здызкыло, Аҧҟаҧҵәа азхазҵо, иара аусураҿы иалахәу. Аколлективтә лахәылацәа Аиҿкаара аусура иалахәуп дара делегатцэас иаарышьҭуа рхаҭарнакцэа.
3.4. Аиҿкаара хаҭалатәи аколлективтә лахәыларазы адкылара мҩаҧнагоит Аиҿкаара Ахадара ахаҭалатә лахәыла иарзаҳал шьаҭас иҟаҵаны, аколлективтә лахәыларазы икоммерциатәым аиҿкаара хадара азызуа ма аколлектив аӡбарала;
3.5. Аиҿкаара алахәылацәа раҳасабырбара мҩаҧнагоит Аиҿкаара Ахадара;
3.6. Аиҿкаара алахәылацәа азин рымоуп:
•    Аиҿкаареи иара афилиалқәеи ахаҭарнакрақәеи русеицура
•    Аиҿкаареи иара афилиалқәеи ахаҭарнакрақәеи анапхгараҭаратә усбарҭақәа ралхреи иалхреи;
•    Аиҿкаара алахәылацәа рзеиҧш еизара аҽалархәра абжьы азин иманы;
•    Аиҿкаара аусуразы Ахадара аҟынтә аинформациа аиура;
•    Аиҿкаара аусура аиӷьтәразы Ахадара абжьгара6ъа ры0ара;
•    Аиҿкаара хатәгәаҧхарала алҵра, Ахадара ҩыратә формала уи азы адырра рыҭаны;
3.7.Аиҿкаара алахәылацәа ирхыдҵоуп
•    Ари Аҧҟаҧҵәа аҳәарақәа рынагӡара, Аиҿкаара Ахадара аӡбарақәа рынагӡара;
•    Алахәыларатә лагала ахшәаара;
•    Аиҿкаара аусура аҽалархәра;
•    Аиҿкаара аусмҩаҧгатәқәа аматериалтәи егьырҭ ацхыраарақәеи разыҟаҵара;
3.8.Аиҿкаара алахәылара аанкылазар ауеит Аиҿкаара Ахадара аӡбарала, алахәыла ари Аҧҟаҧҵәа ақәҵара дықәымныҟәозар, Аиҿкаара аусура иҽалаимырхәуазар, ма иара иусурала Аиҿкаара ааха азыҟаиҵозар. Аиҿкаара алахәылацәа рхыдҵақәа рзы аҭак ҟанаҵаӡом, алахәылацәа Аиҿкаара ахыдҵақәа рзы аҭак шыҟарымҵо еиҧш;
3.9. Аиҿкаара алахәылацәа азин рымаӡам иаларгалаз амазареи аҧаратә хархәагақәеи рзы азин, алаларатәи алахәыларатәи лагалақәа иара убрахь иналаҵаны.

4.АИҾКААРА АНАПХГАРАҬАРАТӘ УСБАРҬА
4.1.Аиҿкаара иреиҳаӡоу анапхгараҭаратә усбарҭоуп Аиҿкаара алахәылацәа рзеиҧш еизара.
4.2. Ахадара Азеиҧш еизара мҩаҧнагоит шықәсык ахь знык еиҵамкәа;
4.3.Азеиҧш еизара аӡбара аднакылоит имариоу абжьы еиҳаны изауз ала. Азеиҧш еизара аӡбара адкылара азин амоуп, иара Аиҿкаара алахәылацәа 2/3 алахәызар. Азеиҧш еизара азин амоуп аӡбара адкылара Аиҿкаара аусура ахырхарҭақәа зегьы рыла. Аӡбара адкылазар ҟалоит иаарту абжьыҭиралеиҧш иаркыу абжьыҭиралагьы. Аҧҟаҧҵәа аҧсахрақәеи ацҵақәеи ралагаларазы, ма аусура аанкыларазы аӡбара адкылара ҟалоит  Азеиҧш еизара алахәылацәа  2/3 бжьы рыла.
4.4. Аиҿкаара Азеиҧш еизара иҷыдоу акомпетенциахь иаҵанакуеит:
•    Аҧҟаҧҵәа ашьақәырӷәӷәара, аҧсахрақәеи ацҵақәеи ралагалара;
•    Аиҿкаара аусура аанкылареи  аиҭеиҿкаареи;
•    Ахадара алахәылацәа ралхра, Ахадара рхыҧхьаӡара, аамҭа ааиаанӡа иусура аанкылара;
•    Аиҿкаара аусура ашықәстә финанстә план ашьақәырӷәӷәара;
4.5. Азеиҧш еизарақәа рыбжьареи Азеиҧш еизара аӡбарақәа рынагӡарази Аиҿкаара аусура анапхгараҭаразы иалырхуеит Аиҿкаара Ахадара.
4.6. Аиҿкаара Ахадара шьақәгылоуп 11-ҩык рыла, урҭ алырхуеит аизараҿы Аиҿкаара алахәылацәа рҟынтә хәышықәса ҿҳәарас ирыҭаны, иара убас Ахадара алахәылацәа рҟынтә иалырхуеит Ахадеи Ахада ихаҭыҧуаҩи. Аиҿкаара алахәылацәа рзеиҧш еизара аӡбарала Ахадара аамҭалатәызароуп.
4.7. Ахадара Ахадеи, Ахадара Ахада ихаҭыҧуаҩи алырхуеит Ахадара алахәылацәа, хәышықәса аҿҳәара аҭаны, иреиҳау абжьы зауз ала. Аӡәы, есымша Ахадара Ахада иҭыҧ ахь иалхра ҟалаӡом. Аамҭалатәи Ахадара Ахада, уи деиҭалхзар ауеит Ахадара Ахадас.
4.8.Ахадара алахәылацәа реизара еиҿикаауеит Ахадара Ахада, жәохә мшы рахь знык инеиҵамкәа. Ахадара аӡбара адкылара азин амоуп аизара 2/3 алахәылацәа алахәызар. Аӡбара рыдыркылоит иаарту абжьыҭирала иреиҳау абжьы зауз ала.
4.9. Аиҿкаара Ахадара:
•    Аиҿкаара алахәылацәа рзеиҧш еизара мҩаҧнагоит;
•    Аҧҟаҧҵәа аусура амҩаҧгаразы аусуратә планқәа рыднагалоит, ишьақәнарӷәӷәоит Азеиҧш еизара, ахылаҧшра азнауеит ирыдкылоу аӡбарақәа рынагӡара шцо;
•    Еиҿнакаауеит акомитетқәа, акомиссиақәа, ацентрқәа, Аидҵақәа, аизарақәа , аконференциақәа, аилатәарақәа;
•    Аиҿкаара аҟәшақәа, афилиалқәа, ахаҭарнакрақәа раҧҵаразы аӡбара аднакылоит, ақәҵара шьақәнарӷәӷәоит, русура аамҭа арбоуп, русура ахырхарҭа алнахуеит;
•    Азеиҧш еизара адырра рыҭаразы Аиҿкаара аусразы Ахадара раҳасабырбақәа еизнагоит;
•    Аиҿкаара алахәыларазы арзаҳалқәа ирыхәаҧшуеит;
•    Аиҿкаара алахәылацәа рарзаҳалқәеи рабжьгара6ъеи ирыхъа8шуеит Ахадара алахәылацәа рыбжьара анапынҵақәа еихнашоит;
•    Ахарџьынҵа еиқәнаршәоит ишьақәнарӷәӷәоит;
•    Алаларатәи, алахәыларатәи лагала ашәагаа аӡбоит;
4.10. Ахадара Ахада:
•    Аиҿкаара аусура азеиҧш напхгараҭара азиуеит;
•    Аус иуеит аршаҳаҭгада, Аиҿкаара ахьӡала, аиҿцәажәарақәа мҩаҧигоит, аиуристтә хаҿқәеи ауаажәларратә хаҿқәеи, иара убас аҳәаанырцәгьы  аусеицуразы аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩуеит;
•    Аиҿкаара Ахадара ахьӡ ала иааиртуеит амааҭтәи аҳәаанырцәтәи авалиутеи ахыҧхьаӡаларҭа;
•    Аҳасабеилыргаҩ хадеи иареи Аиҿкаара аплан-финанстә шәҟәқәа инапы аҵаиҩуеит;
•    аппарат еиҿикаауеит, ишьақәирӷәӷәоит, иазгәаиҭоит аштаттә еилазаареи аусура анапхгареи, Аиҿкаара Ахадара аппарат аштаттә усзуҩцәа рыдкылареи рамхреи азин амоуп;
•    Инапынҵақәа инарықәыршәаны адҵақәа ҟаиҵоит.

5. АИҾКААРА АНХАМҨАТӘ УСУРА
5.1. Аиҿкаара аҧҟаҧҵәатә хықәкқәеи аҳасабтәқәеи рынагӡаразы азин амоуп:
•    Иара ахьӡ ала еиуеиҧшым аилаӡарақәа рымҩаҧгара;
•    Амазаратәи ихатәу имазаратәыми азинқәа рыдкылара;
•    Иара аусуразы азы аинформациа ашьҭра;
•    Аинформациатә массатә хархәагақәа раҧҵареи аҭыжьратә усура амҩаҧгареи;
•    Азакәанҧҵара инақәыршәаны рлахәылацәеи егьырҭ ахаҿқәеи ринтересқәа рыхьчара;
•    Ауаажәларратә ҧсҭазаара иадҳәалоу азҵаарақәа рыла ақәгылара, аҳәынҭқарра ахадара аусбарҭақәа адгалара азыҟаҵара;
•    Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аиҿкаарақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, акоммерциатә еиҿкаарақәа, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарратәи егьырҭ аиҿкаарақәеи аилазаарақәеи, иара убас хаз игоу атәылауааи рҟынтә хатәгәаҧхарала ахархәагақәа адгалара;
•    Агәыҳалалратә усура амҩаҧгара;
•    Агәыҳалалратә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара (иара убрахь иналаҵаны алатореиақәа, аконцертқәа, аукционқәа, агастрольқәа);
•    аилазаара егьырҭ анхамҩатә еиҿкаарақәа реиҿкаара, иара убас амал аахәара анхамҩатә усура амҩаҧгаразы;
•    Аиҿкаара аформа, аштаттә усузҩцәеи иадыҧхьалоу азанааҭдырыҩцәеи руалафахәы аилкаара;
•    Егьырҭ аусмҩаҧгатәқәа, Аиҿкаара аҧҟаҧҵәатә хықәкқәа рынагӡаразы иахьатәи азакәанҧҵара иаҿамгыло.
5.2. Аиҿкаара афеида арҳара хықәкыс иамаӡам, аусура иалҵшәаны иаиуз ахашәала алахәылацәа рыбжьара иашаӡом, иаиуз ахархәагақәа Аиҿкаара ахықәкқәеи аҳасабтәқәеи рыӡбарахь ишьҭхоит.

6.АИҾКААРА АМАЗАРЕИ АХАРХӘАГАҚӘЕИ
6.1. Аиҿкаара иара ахатә хархәагақәа рыла аусура мҩаҧнагоит.
6.2. Аиҿкаара ахархәагақәа шьақәгылоит:
•    Аиҿкаара алахәыларатәи алаларатәи лагалақәа;
•    Аҧҟаҧҵәатә усура азы Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауааи, иара убас аҳәаанхыҵтәи аиуристтәи ауаажәларратә хаҿқәа хатәгәаҧхаралатәи рлагала, агәыҳалалратәи аспонсортәи лагала;
•    Аиҿкаара анхамҩатә еиҿкаарақәа рлагала;
•    Аусмҩаҧгатәқәа, апрограммақәа, апроектқәа рзы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә еизакыу алагалақәа;
•    Анхамҩатә усура аҟынтә ахашәала (аалыҵ аҭыжьра, аусура, амаҵзура);
•    Егьырҭ алагалақәа азакәанҧҵара иаҿамгыло;
6.3. Аиҿкаара, азакәанҧҵара ишьақәнаргыло аиқәшәарала, аҧҟаҧҵәатә усура аматериалтә еиқәыршәаразы иамазар ауеит иахатәны ихадоу Аиҿкаара  аҧаратә хархәагақәа, егьырҭ хәызмоу ақьаадқәеи амазареи, ари Аҧҟаҧҵәа излазгәанаҭо ала. Аиҿкаара ахатәраҿы иҟазар ауеит иара убас анаплакқәа, аиҿкаарақәа Аиҿкаара аҧҟаҧҵәатә хықәкқәеи аҳасабтәқәеи инарықәыршәаны.
6.4. Аиҿкаара ахатәраҿы иҟазар ауеит аиҿкаарақәа, аҭыжьырҭақәа, амассатә информациатъ хархәагақәа, аҧҟаҧҵәа ахықәкқәа инарықәыршәаны Аиҿкаара ахархәагақәа рыла иаахәо ма еиҿкаау.
6.5. Аиҿкаара азин амоу хатәгәаҧхарала иара иахатәны иамоу амазара ахархәара. Аиҿкаара ахархәагақәа ныххоит ахарџьынҵала, уи Аиҿкаара Ахадара ишьақәнарӷәӷәоит.
6.6. Аиҿкаара есҽнытәи аусуреи Аиҿкаара аппарат аштат рныҟәгареи мҩаҧгахоит иара ахашәала ала, анаплакқәа, аиҿкаарақәа, атәылауаа рлагалақәа рыла, иара убас хатәгәаҧхарала алагалақәа Аиҿкаара аҧҟаҧҵәатә усура аҿиаразы.
6.7. Аиҿкаара иара ахатәы хархәагақәа рыла азин амоуп асоциалтә ҿиара Аиҿкаара аҧҵареи Аиҿкаара аппарат аштаттә усзуаҩцәа рсоциалтә хьчара аҩаӡара аизырҳара.
6.8. Аиҿкаара ахашәала арҳара хықәкыс иамаӡам. Аиҿкаара анапалакратә усура аҟынтә иаиуа ахашәала аҧҟаҧҵәатә хықәкқәа рынагӡара иазырхоуи, иара убас урҭ еихшахаӡом Аиҿкаара алахәылацәа рыбжьара.
6.9. Аиҿкаара алахәылацәа Аиҿкаара амазараҿы  амазара ахәҭа ахатәразы азин рымаӡам.

7.АИҾКААРА АУСУРА ААНКЫЛАРА
7.1. Аиҿкаара аусура аанкылара мҩаҧгахоит Аиҭаҧҵара (аилаҵара, адҵара, ашара, арҿыцра) амҩала ма аҧыхрала.
7.2. Аиҭаҧҵара мҩаҧгахоит Азеиҧш еизара аӡбарала аквалификациа змоу аиҳара (75%) бжьы рыла.
7.3. Аиҿкаара аҧыхзар ауеит:
•    Азеиҧш еизара аӡбарала;
•    Аус зуа азакәанҧҵара инақәыршәаны;
7.4. Аиҿкаара ақәгара мҩаҧнагоит Азеиҧш еизараҿы иалхыу ақәгаратә комиссиа;
7.5. Аиҿкаара амазареи аҧаратә хархәагақәеи Азеиҧш еизара аӡбарала иа8ыхыу Аиҿкаара, абиуџьети акредиторцәеи рыхшәаара ашьҭахь Аиҿкаара Аҧҟаҧҵәатә хықәкқәа рыӡбаразы ишьҭхоит.
7.6. Аиҿкаара аҧыхразы аӡбара шьҭхоит ашәҟәҭагаларатә усбарҭахь.

Subscribe to Syndicate