Агәаанагарақәа

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусуреи, аҧхьаҟатәи ахықәкқәеи адгылара арҭоит, рыбжьгьы ақәдыргеит Аҧсны Жәлар реизара адепутатцәа, асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы ахеилак аиҳабы Апполон Гәыргәлиеи, уи ихаҭыҧуаҩ Леонид Чамагәуеи.

Агәаанагарақәеи, азеиӷьашьарақәеи:

- Апполон Гәыргәлиа: Иахьа, ихьыҧшым зых иақәиҭу аҧсуа ҳәынҭқарраҟны ҳанхоит. Ҳара иаҳдыруеит жәытә аахыс, милаҭк аҳасабала ахеиқәырхаразы ақәҧара ҳшаҿу. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит аҳәынҭқарра заҳҭахыу.  Уи ҳаҧсуа жәлар, ҳаҧсуа бызшәа, ҳмилаҭ реиқәырхаразоуп.  Аҳәынҭқарра аныҟала, абызшәа ыҟазароуп. Закәанла, аҧсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәаны ишьақәырӷәӷәоуп, астатус амоуп. Ҳажәлар жәытә-натә аахыс изықәшәо ахынҭаҩынҭарақәа зегьы, ҳхыҧхьаӡара амаҷроуп изыхҟьо. Ҳарҭ хықәкы хадас ҳаҧхьа иқәҳаргылароуп аҿиара аус аӡбара. Абызшәа аиқәырхареи, адемографиеи ирыдҳәалоу аусқәа , ииашаны амҩа ианықәаҳҵа, егьырҭ ицәырҵуа азҵаарақәа рыӡбара еиҳа иманшәалахоит.

Сонер Гогәуа хадас дызмоу ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», имҩаҧнаго аус даара ҳадгылоуп. Уи аҩнуҵҟа еиҿкаау, еиуеиҧшым ахеилакқәа русураҟны, хымҧада, ҳажәлар рҟынтәи ажәалагалақәа ҟалап, аус ахаҭабзиара иацхраап.  Ҳамчи ҳахшыҩи еилаҳҵап, ҳаидгылап. Ҳажәлар  ринтересқәа ахьчап ҳәа агәаанагара ҳамоуп. Иаҳбоит уи раҧхьатәи алҵшәақәа, анаҩс, ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәларреи рганахь ала адгылареи, ацхыраареи аныҟала, еиҳагьы амч ӷәӷәахап. Аҳәынҭқарратә структурақәа адгылара арҭап. Сара занааҭла сҳақьымуп. Аҳақьым изанааҭи адемографиа азҵаареи еимадоуп. Иахьа ҳауаажәлар рыҩнуҵҟа ирацәоуп 30 шықәса инарҭысхьоу, аҭаацәара иаламлац. Иҟоуп аҭаацәара аҧызҵахьоу, аха ахшара змам. Уи аганахь ала апроблемақәа ҭҵаатәуп. Ҳаамҭазтәи амедицина амчхара ӷәӷәоуп, ҳара ҳхы иаҳарҳәароуп уи амыругақәа. Аҳәынҭқарра абиуџьет аҟны иарбаны, Аҧсны иаҧаҳҵароуп  аҭагылазаашьа бзиа, ауаа аҽыхәышәтәра  аҭыҧан ирылшо. Ҳауаажәлар рсоциалтә ҭагылазаашьа еиҧшӡам.  Иҟоуп ахшара рацәа змоу, аха аҭаацәа рыхшара ишахәҭоу еиҧш рааӡара рцәыцәгьоуп. Урҭ ҳацхыраара рҭахыуп. Шәааи, абри аус,  ажәала акәымкәа, ҩныпак ала ҳадгылап. Ҳахдырраҿы иааҳгап, ҳмилаҭ амаҷра ҳҭанархар шалшо. Адунеи аҧышәа иаҳнарбоит, хыҧхьаӡарала ҳара ҳаҵкыс имаҷыз ажәларқәа, шықәсқәак рыла шаҟа еизҳаз. Аиҭанаиааира ҳхы иархәаны, урҭ ирҿаҳҵааша рацәоуп.  Иаҳҧырхаго аҟазшьақәа ҳрызхәыцны, ариашашьа ҳҽақәыршәаны, ҳаҧсуара  аҧҟарақәа ҳрықәныҟәаны, амҩа иаша ҳақәлароуп. Уаҳа ҧсыхәа ҳамам. Ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәлари рымчала, ҳзеиҧш усқәа еицаҳаӡбароуп. Афонд аусураҟны, уи анапхгареи, алахәцәеи, адгылаҩцәеи аманшәалареи, аихьӡарақәеи шәзеиӷьасшьоит!

Леонид Чамагәуа: Ҳазҭагылоу аамҭазы, адемографиа иадҳәалоу апроблемақәа даара ирацәаны ирылацәажәахьеит, аха иҟаҵоу маҷуп ҳәа сгәы иаанагоит. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ҿыц ииуа  аҧсуа хәыҷқәа рзы еиҿнакааз апроект даара ибзиоуп.  Уи раҧхьатәи шьаҿоуп, хымҧада аҧхьаҟагьы аҿиара аиуроуп.  Ишырҳәо еиҧш, ажәлар рхыҧхьаӡара арацәара,  рхаҭабзиара инымҧшырц залшом. Аҧсны ахы-аҵыхәа ҭырҭәааны ҳанхозароуп. Еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла  ззанааҭ бзианы издыруа ауаа ҳамазароуп. Иахьа убри аҩыза аамҭа ҳҭагылоуп, нырцә ҳанхоума, аарцә ҳанхоума, аҧсуаа ҳахьыҟазаалакгьы ҳҽеидкыланы, алшара аҧаҳҵароуп, ҿыц ииуа ахәыҷқәа рзы ҷыдала афонд аиҿкаара.  Иаҳҳәозар, аҧсуа ҭаацәарақәа  хҩык инареиҳаны измоу ахәыҷқә рнаҩс, аҳәынҭқарра 200-300 нызқь мааҭ рҟынӡа рзыршәо иалагар, хышықәса рыҩныҵҟа алҵшәа ҟамларц залшом. Аҧсны инхо амилаҭқәа зегьы зинла ҳаиҟароуп. Иарбан милаҭзаалак имоуп иара ихатә ҳәынҭқарра. Аҧсуаа ҳмилаҭ аизыҳаразы имҩаҧаҳго аусқәа рҟны, ҳаидгылароуп.  Уи азы аӡгьы гәыбӷан ҳаиҭаӡом. Имӡакәа иаҳҳәап , иахьа ашәарҭа иҭагылоу  аҧсуа жәлар ҳауп. Аҧсуа шаҟа ибзианы, шаҟа иӷәӷәаны дынхо аҟара, убриаҟара ҳмилаҭ рхаҭабзиара ианыҧшуеит. Астатистика излаҳәо ала, егьа иугаргьы, 400 ҭаацәара иреиҳам ахшара рацәа змоу аҧсуаа.  Иахьа ҳаззегьы ҳнапы еилаҧсаны ҳрыцхраар абарҭ аҭаацәарақәа, аҳәынҭқаррагьы ахахьы иагар, шәазхәыци шаҟа ҳҭагылазаашьа еиӷьхо. Аҳәынҭқарраҿы аус зуа, ауалафахәы зауа,  шәмааҭк деигӡап ҳәа сгәы иаанагом ари иҧшьоу аус азы. Атәым милаҭ иҟаҳҵо рбар, урҭгьы ҳацымхыраари. Знык ҳаиҭаҵыр, нас аус ахы арманшәалоит. Шықәсык ҩышықәса рыҩныҵҟа иаҳбарҭахо ҳалагар ҳхыҧхьаӡара аизҳара ишалагаз, нас еилаҳкаауеит ииашоу амҩа ахырхарҭа шалаҳхыз. Аҧсны анҭыҵ инхо аҧсуаа рыҧсадгьыл иадыҧхьалатәуп. Арепатриациа аус ҷыдала иазнитәуп. Иахәҭо аҳәынҭқарратә программа еиАҧсны аҭоурых ҳдыруазароуп, ишақәнаго иҭаҳҵаароуп. Аҭоурых змам, аҧеиҧшгьы имаӡам.  Атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны иаҳдыруеит Аҧсны иазкыу архивқәа шыҟоу. Аамҭақәа рҽырыҧсахит, ҳацныҟәароуп. Иахьа аҿар ҳрылагәырӷьоит, имаҷҩым урҭ рахьтә адипломатцәа, уаҵәтәи амш знапы иану. Афонд «Аҧсны»аусура алҵшәа бзиақәа аиуп ҳәа ҳақәгәыӷуеит. Шәусураҿы ақәҿиарақәа шәзеиӷьаҳшьоит.

Subscribe to Syndicate