Агазеҭ «Аԥсны» 99ш. ахыҵит

Убри инамаданы, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахада Сенер Гогәуа адныҳәалара ҟаиҵеит. Уаҟа иазгәаҭоуп:

«Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахьӡала, ишәыдысныҳәалоит напхгара зышәҭо, аԥсуа жәлар рзы иҵаулоу аҭоурых ду змоу агазеҭ «Аԥсны» аиреи ашьақәгылареи 99 шықәса ахыҵра.  Ишәзеиӷьасшьоит имеицакӡо арҿиаратә гәазыҳәара, шәнапы злаку иԥшьоу аус аҿы аихьӡарақәа!

Наџьнатә аахыс агазеҭ аредақциа ахыҵхырҭаҿы игылаз, зџьабаа аду, иахьа зыԥсҭазаара иалҵхьоу  ргәалашәара ҳацуп, иара убас ааԥсарак ҟамҵакәа амаҵ азызуа зегьы агәамчи алшареи шәыгымзааит,  ишәымоу аԥхьаҩцәа рыбзиабара еихашәҳааит.

Жәабран 27, 1919шықәса -ари арыцхә, ишазгәарҭахьо еиԥш, аԥсуаа ҳзы ҿаԥарак иаҩызахеит. Наунагӡа, аԥсышәала аҷҷаҳәа ицәажәо, ҳажәлар рҿахәы зҳәо агазеҭ «Аԥсны»!»

Subscribe to Syndicate