«Ахьӡ азхьаҧшра»- 8000-ҩык хабарда ибжьаӡыз ҳтәылауаа реилкаара иазкуп.

Embedded thumbnail for «Ахьӡ азхьаҧшра»- 8000-ҩык хабарда ибжьаӡыз ҳтәылауаа реилкаара иазкуп.

Аинформациатә маҵзура Спутник апресс-центр аҟны имҩаҧысит «Ахьӡ азхьаҧшра»  апроект аӡыргара. Уи азкуп Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аамҭазы, афашисттә лагерқәа рҟны хабарда ибжьаӡыз Аҧсны атәылауаа рыхьӡқәа рышьақәыргылара, реилкаара. Ари апроект иабзоураны, 320-ҩык хабарда ибжьаӡны иҟаз Аҧсны атәылауаа ҧшаауп. Апроект  «Ахьӡ азхьаҧшра»  анапхгаҩы Григори Скворцов иажәақәа рыла, иара убас еилкаахеит арҭ ауаа рлахьынҵа, анышә иахьамадаз аҭыҧқәа.

Иааидкыланы хабарда ибжьаӡыз Аҧсны атәылауаа рхыҧхьаӡара 8000-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Ибжьаӡыз рҭаацәа ракәзар,  ари апроект иабзоураны алшара роуит рҭынхацәа рлахьынҵа иадҳәалаз ажәабжь аилкаара.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»,  апроект «Ахьӡ азхьаҧшра»  афинанстә цхыраара анаҭеит, аҧхьаҟагьы ари аус иахаҵгылоит. 

Subscribe to Syndicate