Ахҭысқәа

Лаҵарамза 21 рзы, Кавказтәи аибашьра иахҟьаны, ҳажәлар ахлымӡаах иҭагылар акәхеит. Акыр шықәса уажәаԥхьа, 1864 шықәса рзы, ҳарҭ ҳауаажәлар рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны ицар акәхеит Ҭырқәтәылаҟа, иара убас егьырҭ атәым тәылақәа рахь.

Иахьа, ҳара  ҳҽазаҳшәоит аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуааи ҳареи  ҳаешьареи ҳаиҩызареи  ирызку ацҳа абжьаҵара.

Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар, аветеранцәа! Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  анапхгара, алахәылацәа, гәык-ҧсык ала афашизм аҿаҧхьа ижәгаз Аиааира амш шәыдаҳныҳәалоит. Шәара шәхымҩаҧгара, шәыгәаӷьра, шәҿырҧшы акырӡа ахә ҳаракны иаҳшьоит. Аиааира амш аагара шәыхәҭа ду алажәгалеит. Уи абара иахьымӡаз, аибашьра адәаҿы иҭахаз, хабарда ибжьаӡыз зегьы рҿаҧхьа ҳхырхәоит, ргәалашәара ҳацуп.

29 шықәса раҧхьа, Декабр14, 1992 шықәса рзы, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа гәымбылџьбарыла иҭадырхеит, Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа иҵҧрааз, аҭынч уааҧсыра зҭаз, Урыстәылатәи аверталиот Ми-8. Ажәҩан иалаблыз 85-ҩык рахьтә иҟан 38-ҩык ахәыҷқәа…

Ари ахҭыс хлымӡаах, иахьа уажәраанӡа, иахәҭоу  жәларбжьаратәи ахәшьара маиуӡац. Ҳарҭ еснагь ргәалашәара ҳацуп…

Аҳауа иалаблыз ахәыҷқәа

Апоетесса Инна Аҳашҧҳа, амаалықьцәа хәыҷқәа, Лаҭатәи ахлымӡаах аҳауа иалаблыз ирыхьӡынлҩылаз :

Иахьа иҵит 28 шықәса,  Аҧсны Аҳәынҭқарра,  ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәуижьҭеи. Аҧсны аҭоурыхи аҧсуа жәлари ргәалашәараҿы ари амш - Аиааира амш ныҳәаны иаанхоит.

Ҳарҭ рҿаҧхьа ҳхырхәоит уи зыҧсҭазаара ахҭнызҵаз зегьы, ргәалашәара наунагӡа иҳацзаауеит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, гәык-ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит Аиааира амш ныҳәа ҧшьа, ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аҭынч жҩан аҵаҟа анхара!

Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар!

Аҳәынҭқаррақәа зегьы ирымоуп рхатә ҭоурых, рхатә бираҟ. Абираҟ-ажәлар знысыз рҭоурыхтә мҩа, рҿахәы еиҭазҳәо символикоуп. Аҧсуа бираҟи агерби рыдкылара амш, ҳаҧсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧараҿы, ирылукааша ҭоурыхтә хҭысны иҟалеит. Имариамызт усҟантәи аамҭазы иҟаз аҭагылазаашьа. Уи ҷыдала иҭиҵаауан, хылаҧшра аиҭон, Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы, ҳтәыла  раҧхьатәи Ахада Владислав  Григори-иҧа  Арӡынба. Аҧсуа бираҟи агерби равтор, асахьаҭахҩы, Леон иорден занашьоу, Валери Гамгиа, илша акырӡа ирацәоуп.

Ҳаҭыр зқәу аҧсылманцәа!

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, гәык-ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит Адунеи иқәынхо аҧсылманцәа зегьы иазгәарҭо Кәырбан-Баирам ныҳәа!

Гәыла-ҧсыла Аллаҳ изааигәахара, ҳагәнаҳарақәа ҳхыхра, арыцҳаибашьара, аилибакаара, ҧсылманҵасла ҳазшаз иашьапкра, абарҭ аусқәа рымҩаҧгаразы, Курбан-Баирам аныҳәазы, аҧсылманцәа, ҧсаҭатәыс ашьтәақәа ршьуеит. Уи зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәарақәа ирзыршоит, аҳамҭақәа еимырдоит, еҭанаиааиуеит. Даҽа аамҭанык еиҧшымкәа агәыҳалалреи аразреи аадырҧшуеит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» адныҳәалара ҟанаҵоит Симон Кананит имш инамаданы-Иаса Қьырса иапостолцәа руаӡәк, Аҧсны ақьырсианра азаазгаз, зыҧсрала ҳагәнаҳарақәара зхызхыз, Анцәа ибзиабареи, иашьапкареи, агәыҳалалреи ргьама ҳзыркыз.

Ақьырсиан динхаҵараҿы-Амшаҧ ныҳәа, зегь реиҳа иҧшьоу ныҳәоуп ҳәа иҧхьаӡоуп. Уи хшыҩзцара азнауеит абас еиҧш иҟоу ахҭыс-Анцәа ихаҭа дуаҩхеит, ҳара ҳзы иҧсҭазаара далҵит, еиҭеирала ауаа амчра, аҧсра, ацәгьоура иаҟәыиҭхеит. Амшаҧ ныҳәа-аныҳәақәа ирныҳәоуп. 

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахаҭарнакцәа, ари аныҳәа ҧшьа рыдырныҳәалоит Аҧсны иқәынхо ауааҧсыра.

Март 15-16, 1993ш.рзы, Гәымысҭатәи афронт аҟны имҩаҧган Қырҭтәылатәи архәҭақәа рҟынтә Аҧсны аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы арратә аоперациа. Имҩаҧгаз ажәылара иалҵшәаны, Аҧснытәи архәҭақәа рнапаҿы иааргеит астратегиатә ҵакы змаз, Аҟәа азааигәара иҟаз аҳаракырақәа.  Аха, аҵыхәтәантәи аиҿыхысрақәа рнаҩс, Аҧснытәи архәҭақәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Аибашьра аветеранцәа излазгәарҭо ала, Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаҧгаз Марттәи ажәылара, зегь реиҳа иуадаҩыз жәыларан. Уи ажәылараҿы иҭахеит  222-ҩы Аҧснытәи архәҭақәа реибашьцәа, шәҩыла ироуит ахәрақәа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» зегьы ирыдныҳәалоит иааиуа 2021-тәи ашықәс. Иҳаҩсуа 2020-тәи ашықәс акыр иуадаҩын, иаҳзаанагеит ахҭысрақәа рацәаны. Инагӡамхеит иеиуеиԥшым ҳгәыӷрақәа, аха анашана ахаҵара  иара убас абзиара азыԥшра, ауа-аҭынха агәырӷьара  рыҭара ауаҩы иахьиҟазшьоу иабзоураны, ҳара ҳгәыӷрақәа анапы ианаҳҵоит Ашықәс Ҿыц. Иҽеим зегьы иаанхааит иҳаҩсуа ашықәс аҟны, 2021-тәи ашықәс ҳтәылеи ҳауаажәлари иазаанагааит акзаара, ақәҿиарақәа, аҿиара, аманшәалара. Ишәыдныҳәалаз  иааиуа  Ашықәс Ҿыц!

Ҽааныбзиала!

26 шықәса раҧхьа, иахьашәны, ирыдкылан Ареспублика  Аҧсны Аконституциа-аҳәынҭқарра азакәан хада, уи  астатуси, аҧхьаҟатәи аҿиареи аазырҧшуа.

«Ҳара,  аҧсуа жәлар, хаз ҳәынҭқарраны ашьақәгыларазы ҳхатә зинмчрақәа аарҧшуа, убри аан, аҭынчреи аҭышәынтәалареи агәазыҳәара ҳаманы, ауаҩы изинқәеи, иҭынчреи, ииашареи шьақәырӷәӷәо, иҳадаҳкылеит Ареспублика Аҧсны Аконституциа»-ҳәа азгәаҭоуп Ареспублика Аҧсны Аконституциа атекст аҟны.

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аусзуҩцәа зегьы рыхьӡала, ишәыдаҳныҳәалоит шәцентр ҩышықәса ахыҵра.

Ари аамҭа кьаҿ иалагӡаны шәара ишәылшеит зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа агәыӷреи, аԥхарреи рызҭо, агәынкылара бзиа змоу азҟазаратә коллектив ашьақәыргылара.

Ирацәаны иҟаҵоуп уҳәар – акгьы умҳәеит ауп иаанаго. Ахыжәжәарақәа рҭыԥ аҟны шәара ишьақәшәыргылеит ахәыҷқәа ахыҿио, адырра ҿыцқәа ахьроуа еиҿкаау аҩны.

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» гәалсра дула адышшылара ҟанаҵоит зыԥсҭазаара иалҵыз, иналукааша аԥсуа иара убас аурыс уаажәларратә-политикатә усзуҩы, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәылатәи Аҳәынҭқарра  ахәаахәҭра- економикатә университет аректор ихаҭыԥуаҩ, Кавказ ажәларқәа Урыстәылатәи рконгресс ацхантәаҩы, Ҳаҭыр зқәу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахада Тарас Мирон-иԥа Шамба иуацәеи иҭынхацәеи рахь.

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны»  «Ахәыҷқәа-ахамыхәацәа рҭаацәа рхеидкыла» аинвалидтә рныҟәагақәа раахәаразы ацхыраара анаҭеит. Ари ацхыраара алшара аиуит, зыхьӡ маӡаны иаанхарц еиӷьызшьыз, 95 нызқь  мааҭ аҳасабала афинанстә цхыраара азҭаз ауаҩы.

Ҳара ҳфонд  еиҳа зыхә  мариоу аинвалидтә рныҟәагақәа  рыԥшаараҟны, иара убас Аԥсныҟа раагараҟны ацхыраара анаҭеит.

Абас ала, ҽа ԥшьҩык ахәыҷқәа алшара роуит цхыраарада аиҭаҵра.

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахьӡала, гәык-ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит Аҧсны аҳҭны қалақь Аҟәа ахақәиҭтәра.
Цәыббра 27, 1993ш. ашьыбжьышьҭахь, Аҟәа иалцан ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа.
Хьӡи-ҧшеи рыгымзааит Аиааира ҳзаазгаз, ргәалашәара ҳацзаит ҳашьцәа афырхацәа. Ҳаҧсадгьыли ҳауаажәлари ирыгымзааит аҭынчра, ҳадгьыл ҧшьа наунагӡа иахашәыршәырлааит ҳаҧсуа бираҟ!
Ҽааныбзиала шәнеиааит!

Embedded thumbnail for Нанҳәа 26, 2008 шықәса - Аҧсны Жәларбжьаратәи азхаҵара иамшуп.

Нанҳәа 26, 2008 шықәсазы, Аҧсны аҭоурых адаҟьа ҿыц аатуеит. Ари амш аҽны, ҳтәыла иқәынхо, ҳажәлар абиҧарала иззыҧшыз Ахьыҧшымра роуеит. Шьыбжьон, асааҭ хҧа рзы, Урыстәыла Ахада Дмитри Медведев  телехәаҧшрала ирылеиҳәеит Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра Урыстәылатәи Афедерациа ишазханаҵаз.

Ҳаҭыр зқәу хатәгәаҧхарала Аҧсны еибашьуаз!

Embedded thumbnail for Нанҳәа 14, 1992ш- Аҧсны аҭоурых аҟны лахьеиқәҵаратә мшуп.
Embedded thumbnail for Нанҳәа 14, 1992ш- Аҧсны аҭоурых аҟны лахьеиқәҵаратә мшуп.
Embedded thumbnail for Нанҳәа 14, 1992ш- Аҧсны аҭоурых аҟны лахьеиқәҵаратә мшуп.
Embedded thumbnail for Нанҳәа 14, 1992ш- Аҧсны аҭоурых аҟны лахьеиқәҵаратә мшуп.
Embedded thumbnail for Нанҳәа 14, 1992ш- Аҧсны аҭоурых аҟны лахьеиқәҵаратә мшуп.
Embedded thumbnail for Нанҳәа 14, 1992ш- Аҧсны аҭоурых аҟны лахьеиқәҵаратә мшуп.

Нанҳәа14, 1992 шықәса рзы, Қырҭтәыла анапхгара рыдҵала, аҳәынҭсовет ар, ҳгәаҳҽанӡамкәа ҳтәыла иақәлеит.  Ҧшьышәи жәаха ҵхи-мши ицоз аибашьра, аҧсуа жәлар риааирала ихыркәшан  Сентиабр 30, 1993 шықәса рзы.

Зықьҩыла аибашьцәа рхы ақәырҵеит Аҧсны, зықьҩыла ахәрақәа роуит, иҟоуп хабарда ибжьаӡқәаз… Аҧсуаа иҳадгыланы  еибашьуан Нхыҵ-Кавказынтә ҳаешьаратә  жәларқәа, Ҭырқәтәылантә, Сириантә, Аҷарантә уҳәа аҳәаанырцә инхоз ҳдиаспора  рхаҭарнакцәа,  Алада Урыстәыла арегионқәа  рҟынтә хатәгәаҧхарала иааз аибашьцәа.

Иахьа  «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ацхыраара рнаҭеи ақалақь Аҟәа иқәынхо 24 ҭаацәара. Афатәқәеи, абзазаратә химиеи рыҭан  Аволонтиортә еиҿкаара Анна-Софиа ахаҭарнакцәа, анаҩс ирызшан ацхыраара зҭаху ауааԥсыра.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусзуҩцәа зегьы гәалсра дула ирыдышшылоит зыҧсҭазаара иалҵыз Владимир Џьамал-иҧа Аҩӡба  иуацәеи иҭынхацәеи.

Дыҟаӡам ас еиҧш зегьы иазыҳаҵҳаҵоз, агәы разы змаз Владимир Џьамал-иҧа иҧсҭазаара иалҵра згәы иалымсыз ауаҩы.

Иахьа, Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ацхыраара рнаҭеит ақыҭақәа Баслахә, Лашькьындар, Тамшь, Кәачара, Ачгәара иара убас ақалақь Очамчыра иқәынхо 57 ҭаацәара. «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахь ацхырааразы аҳәара ҟалҵеит «Очамчыратәи ақәыԥшцәа рыҩны» анапхгаҩы Селма Занҭариаԥҳа. Зыԥшра ҟамҵакәа, зыӡбахә ҳәоу ацхырааразы аҭак ҟарҵеит ҳфонд алахәылацәа -  аилахәыра «Биофарма». Афонд ахь инашьҭыз арзаҳал инақәыршәаны, аҭаацәарақәа рзы иаарышьҭит иаҭаху ахәшәқәа, иара убас аинвалидтә рныҟәага, ақыҭа Ачгәара инхо, ДЦП ачымазара змоу Ԥачлиа Лука изы.

Ԥхынгәы амзазы «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» раԥхьатәи апроект «Ани амаалықьи» хәышықәса ахыҵит.  Ари апроект хықәкыс иамоуп ан лыхшара иааӡараҿы ацхыраара лызҭо амаҭәарқәа рыла  леиқәыршәара.  Ас еиԥш  агәырӷьара ахьыҟалаз, асаби дахьиз аҭаацәара, афонд аҟынтәи ироуеит апроект «Ани амаалықьи» аҳамҭа.

Апроект «Ани амаалықьи» асаби -  Гостиев Лаван ианашьан ԥшьнызқьтәи аҳамҭа. Лаван ҳусбарҭа даҭааит иан  Вероника длыцны. Урҭ ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, анасыԥ лаша, аманшәалара.

Иахьа «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аусзуҩцәа, апроект «Аԥеиԥш» аусура ацҵо, иаҭааит ақыҭа Ҭхьына инхо, ааигәа  афонд ахь ацхырааразы аҳәара ҟазҵаз, ахшарарацәа змоу Рамаза Зингашьвилии Гәында Ԥаԥасқьырԥҳаи рҭаацәара, избан акәзар аҭаацәара нхоит иуадаҩу аҭагылазаашьақәа рҿы.  Зынӡа Рамази Гәындеи быжьҩык ахшара рымоуп, аиҳабацәа анхамҩаҟны рҭаацәа ирыцхраауеит, избанзар инахароу ақыҭараҟны аусура ҳәа акгьы узыԥшаауам.

Ахшарарацәа змоу аҭаацәара ахьынхо баны иӡбан, зегь раԥхьаӡа иргыланы аҩны  аӡыржәтә амамзаара апроблема арҽеира.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахада ихаҭыԥуаҩ Мақсим Ӷәынџьиеи, агәыҳалалратә фонд «Аус бзиа» ахада Енрик Кәартааи, аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Ари аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аиҿкаарақәа ганрацәалатәи аицхыраара рыбжьарҵоит, иара убас еицымҩаԥыргалоит агәыҳалалратә акциақәеи, ауснагӡатәқәеи.

 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Урыстәыла амш аҽны уи атәыла  ауаажәларра зегьы ирыдныҳәалоит .

Ари амш ныҳәа аҽны милаҭрацәала Урыстәылатәи Афедерациа иқәынхо зегьы аҭынчреи, аизҳазыӷьареи, акзаареи рзеиӷьанашьоит. 

Аҭоурых ду змоу Урыстәылеи, уи иқәынхо ауаажәларреи егьырҭ атәылақәа рыҽрыманадартә еиҧш алшара ҟанаҵоит. Азеиҧш ҭоурых хьчо, аешьаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиара амҩа иануп.

Иахьа  «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аусзуҩцәа, апроект «Аԥеиԥш» аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҭааит Абгархықә ақыҭан инхо, ахшара рацәа змоу Зыхәаа рҭаацәара.

Ааигәа, аҭаацәара аиҳабы Ахреи, иԥшәмаԥҳәыс Камаҷыҷи ацхырааразы афонд ахь аҳәара ҟарҵеит.

2018 шықәса рзы аҭаацәараҟны арыцҳара ҟалеит, рыҩны амца акит. Аҭаацәеи, андуи, хәҩык ахәыҷқәеи хыбрада иаанхеит. Иахьцоз-иахьаангылоз ахьрымамыз иахҟьаны, аҭаацәара иблыз, зыбжа хырбгалоу аҩны аҟны иаанымхар ада ԥсыхәа рмоуит.

Ацхырааразы адгылара рырҭеит рыуацәеи, иара убас атәым рыцҳара ахь агәыразра аазырԥшыз ауааԥсыра.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» агәыҳалалратә цхыраара анаҭеит ахәыҷтәы реабилитациатә центр « Ҭҟәарчал Аҿар Раԥшьгара». Афонд ала иаахәан Ҭҟәарчал араион иатәу ақыҭақәа рҟны инхо ахәыҷқәа рымҩангаразы автомҩанысга азы агьежьхарԥақәа реизак, избан акәзар иҟоуп ацентр аҟынӡа анеира алшара змам аҭаацәарақәа. 
Иара убас, ацентр ахь ҳамҭас инашьҭын абзазаратә химиа аизга, ашьаҵахарԥақәа, ацқьаразы ахархәагақәа, уҳәа уб. иҵ.

Акыр иаҧсоу ахәыҷқәа! «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит иахьатәи шәныҳәа мшы. Шәара-уаҵәтәи ҳара   ҳҧеиҧш шәоуп. Иаҳҭахәуп агәабзиара, агәыцқьара, аманшәалара, аихьӡарақәа шәыманы ишәызҳаларц. Ҳҳҳәынҭқарреи ҳауаажәларреи рзы шәыхьӡырҳәаганы шәҟаларц, аҵарадырра бзиа шәоурц, шәыхьӡ адунеи иалаҵәарц. Ҳара ҳфонд иалшо зегьы ҟанаҵоит шәара шәхәыҷратә дунеи арҧшӡаразы. Ҳхықәкгьы уи ауп-еизҳауа аҿар адгылара, ацхыраара, агәыразра, агәыҳалалра рзаарҧшра.  Илашазааит еснагь  шәара шәдунеи, наунагӡа аҭынчра амазааит иахьа шәара шәызқәынхо адгьыл ҧшӡа-Аҧсны!

Лаҵарамза 21 рзы, Кавказтәи аибашьра иахҟьаны, ҳажәлар ахлымӡаах иҭагылар акәхеит. Акыр шықәса уажәаԥхьа, 1864 шықәса рзы, ҳарҭ ҳауаажәлар рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны ицар акәхеит Ҭырқәтәылаҟа, иара убас егьырҭ атәым тәылақәа рахь.

Иахьа, ҳара  ҳҽазаҳшәоит аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуааи ҳареи  ҳаешьареи ҳаиҩызареи  ирызку ацҳа абжьаҵара.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» гәалсра дула адышшылара ҟанаҵоит зыҧсҭазаара иалҵыз, Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист, аорден «Ахьӡ-Аҧша» акавалер 3-тәи аҩаӡара, Аҧсны жәлар Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу, ауаҩы, зыҧсҭазааратә мҩа уадаҩыз, аха агәырҩеи аџьабааи дырмыхәаҧшӡакәа ақьиареи, аламыси, иҧсадгьыли рахь аиашара аазырҧшуаз Владимир Николаи – иҧа Каҧба иуацәеи иҭынхацәеи рахь.

Ҳазҭоу ашықәс, маи 14 рзы, Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи ахада Владислав Арӡынба, иҧсы ҭазтгьы ихыҵуазаарын 75 ш. Еицырдыруа аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩ, аҵарауаҩ ду, мрагылараҭҵааҩы Владислав Григори-иҧа Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭоурых ихьӡ хьтәы нбанла ианхалоит! Владислав Арӡынба иуаҩра, иҟәыӷара, идоуҳамч, иполитикатә баҩхатәра ирыбзоураны, иҿаҧхьа иқәиргылоз ихықәкқәа наигӡон. Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра анцози, анаҩстәи аамҭеи рзы иара илиршеит ажәлар ракзаара, реидкылара. Владислав Арӡынба, ижәлар рыбзиабара даҧсахеит.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира амшныҳәа аламҭалаз, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа даҭааит «Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа Рҳәынҭқарратә Еилазаара». Ари аибашьра хлымӡаах аҟны еибашьуаз зегьы ирыдиныҳәалеит  Аиааира амш. Аҧсны аҩнуҵҟа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны еибашьуаз аветеранцәа 44-ҩык ыҟоуп. Урҭ рыцыпхьаӡа рзы афонд ирызнархиеит афатәқәеи, абзазаратә химиеи рыла ишьақәгылоу аизгатәқәа.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аҧсны ареабилитациатә центрқәа ҩба агәманитартә цхыраара рзынанашьҭеит. Акыраамҭа ҵуеит Ареспубликатә хәыҷтәы реабилитациатә центр аӡҭарчы ишахәҭоу еиҧш аусуразы иҷыдоу амаҭәахә рымамижьҭеи. Иахьа, ҳфонд алахәыла - аилахәыра «Биофарма» абзоурала иаахәан зыхә ҳараку аӡҭарчы азы аҳауа аҭарбага. Иара убас, Гәдоуҭатәи ацентр «Асаркьал» ахь ҳамҭас инашьҭын ацентр ахәмарратә уада аиқәыршәаразы ауарҳал хҟьақәеи, афитнес мпылқәеи.

Иахьа, Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд  Аԥсны» Тамшь ақыҭан инхо 18, змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа ацхыраара рнаҭеит. 18, афатәқәеи, ахәшәқәеи иара убас абзазаратә химиеи реизгақәа  раҳасабала иҟаз ацхыраара нашьҭын «Очамчыратәи ахәыҷтәы агәыҳалалратә ҩны» анапхгаҩы Селма Занҭариаԥҳа лахь. Лара лганахьала ари ацхыраара 18 ҭаацәара ирзыналышьҭуеит.

Зыӡбахә ҳәоу, змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рыцхыраара иазку акциа ҳфонд аусура иацнаҵоит, иагьымҩаԥысуеит ҳфонд алахәылацәа, ақалақь  Ростов аҟны иҟоу аилахәыра «Биофарма» ацхыраара абзоурала.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнагеит изаамҭанытәу, змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рзы ахәшәтә препаратқәа раҳасабала  агәыҳалалратә акциа. Ацхыраара рыҭан Гәдоуҭатәи, Аҟәатәи,  Ҭҟәарчалтәи ареабилитациатә центрқәа. Урҭ рганахьала ари ацхыраара нарышьҭуеит изхылаҧшуа ахәыҷқәа ахьызҳауа, еиҳа ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа рахь.

Зыӡбахә ҳәоу ацхыраара амҩаҧгара алшара аиуит ҳфонди, ростовтәи аилахәыра «Биофармеи» русеицуру иабзоураны.

Иахьа, Иҧшьоу аныҳәа Рамадан инамаданы, арепатриантцәа рҭаацәарақәа рыцхырааразы агәманитартә акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳфонд афатәқәеи абзазаратә химиеи реизга аҳасабала ацхыраара рнаҭеит 16 Иорданиантә арепатриантцәа рҭаацәарақәа.

Зыӡбахә   хәоу акциа амҩаԥгараан ацхыраара ҳаиҭеит арепатриант Амир Гечба.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» гәалсра дула адышшылара ҟанаҵоит зыҧсҭазаара иалҵыз Муса Магомеҭ – иҧа  Шанибов иуацәеи, иҭынхацәеи, иара убас ауаажәларратә усзуҩ ду еиҧш дыздыруаз зегьы рахь. Муса Шанибов зыхә ҳараку алагала ҟаиҵеит ҳтәыла аҭагылазаашьа уадаҩ ианҭагылаз, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992 – 1993 шш. раан. Ари аамҭазы Аҧсны агәманитартә цхыраара аҭаразы акыр аџьабаа ибеит, иара убас Нхыҵ – Кавказ аҟынтәи Аҧсны ахақәиҭтәразы, хатәгәаҧхарала еибашьра иаҳзааиз аҵеицәа раара дацхрааит.                                     

Иахьа ҳара ҳфонд ацхыраара анаҭеит Амсылман динтә еиҿкаара «Иаку Аҧсны амсылманцәа рдоуҳатә усбарҭа».

Аҧсны амсылманцәа русбарҭа ахантәаҩы Ӡыба Ҭемыр Леонид – иҧа ҭабуп ҳәа иҳәеит ҳфонд ирнаҭаз ацхырааразы.

Афатәқәа реизга аҳасабала иҟоу ацхыраара нашьҭхоит, иагьырзеиҩыршоит 40 ҭаацәара, 150-ҩык ауааҧсыра инарзынаҧшуа.

Зыӡбахә ҳәоу акциа иазкуп иҧшьоу, амсылманцәа зегьы рныҳәа - Рамадан

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рзы имҩаҧнагеит изаамҭанытәу агәыҳалалратә акциа ахәшәтә препаратқәа раҳасабала.

Ацхыраара рыҭан Очамчыратәи, Галтәи ареабилитациатә центрқәа, урҭ анаҩс, ас еиҧш иҟоу ацхыраара ирзынарышьҭуеит изхылаҧшуа - еиҳа ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа.

Ас еипш иҟоу ацхыраара амҩаҧгара алшара аиуит ҳфонди иара убас  ростовтәи аилахәыра «Биофармеи» русеицура иабзоураны.

Иахьа, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи", уи алахәылаҩ Ростовтәи аилахәыра "Биофармеи" еицхырааны, еснагьтәи апроект "Агәабзиара" аҳәаақәа ирҭагӡаны, агуманитартә цхыраара арҭеит Гәдоуҭатәи Ареабилитациатә центр "Асаркьал".

Ареабилитациатә Центр "Асаркьал" ҳамҭас иаиуит 20 инареиҳаны хкы змоу амаҭәахәқәа рсиа, хәҭакахьала: аинвалидтә рныҟәагақәа, атренажиор, аныҟәара арҵаразы иҷыдоу ақьарсҭақәа, аортезқәа, алашарбагатә аҧслымӡҭра, амҿтәы конструкторқәа, ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа  рыҿиаразы ахархәагақәа, абзазаратә химиа, аусмҩаҧгатә маҭәарқәа, уҳәа убас иҵегьы.

Иахьа, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ацхыраара рнаҭеит ақыҭа Џьгьарда иатәу 18, змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа. Афонд аусбарҭахь аҳәара ҟалҵеит "Очамчыратәи Ақәыҧшратә Ҩны" анапхгаҩы Селма Занҭариаҧҳа. Уаҟа иҳәан, змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа афатәқәеи, ахәшәқәеи иара убас абзазаратә химиеи раҳасабала ацхыраара рыҭазарц. Ари аҳәара иадгылеит ақалақь Ростов аҟынтәи афонд алахәылацәа аилахәыра "Биофарма". Урҭ, аамҭа мгакәа Аҧсныҟа иаарышьҭит иаҭаху ахәшәқәа.

Ҭабуп ҳәа раҳҳәоит иӷару аҭаацәарақәа ацхыраара рызҭаз зегьы.

Афатәқәеи иара убас абзазаратә химиеи раҳасабала ацхыраара рыҭан Гәылрыԥшь араион иқәынхо, ахшарарацәа змоу, змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау, иара убас зхала инхо аҭаацәарақәа. Зыӡбахә ҳәоу агәыҳалалратә акциа мҩаԥган аҭыԥантәи аволонтиортә команда -"Агәы разы" аԥшьгарала. Урҭ "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахь ацхырааразы аҳәара ҟарҵеит. Иахьа ари ацхыраара нашьҭын аҭаацәарақәа рахь. Ҳаицхырааноуп еиуеиԥшым аԥынгылақәа риааира злаҳалшо.

Ачымазара ҿкы - акоронавирустә инфекциа аларҵәара ашәарҭаразы, аҭагылазаашьа ҷыда инақәыршәаны, Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" имҩаԥнагеит агәыҳалалратә акциа.

"Ахәыҷқәа - аинвалидцәа рҭаацәа рассоциациа" изхылаԥшуа 35 ҭаацәара ироуит афатә тауарқәа реизга, уахь иаҵанакуан абарҭ афатәқәа: ашыла, ашьақар, амакрына, ауҭраҭыхқәа, еиуеиԥшым ахрыӷқәа иара убас абзазаратә химиа.

Ас еиԥш иҟоу, иуадаҩу аамҭақәа раан еиҳа  ашәарҭара иҭагылоуп згәабзиара ԥку ахәыҷқәа ахьызҳауа аҭаацәарақәа.

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аспонсор хадацәа, аилахәыра "АбхазМорПром" Логәуа Ҭемыр Алықьса -иԥа ихьӡала, иара убас аилахәыра "БлэкСииФиш" Гогәуа Сонер Неџьми-иԥа ихьӡала 2 миллион мааҭк аҳасабала афинанстә цхыраара арҭеит ауаажәларратә рҿиара "Мы вместе".

Аԥсны Аҳәынҭқарра иқәынхо ауаажәлар ачымазара ҿкы- акоронавирустә инфекциа COVID-19 рацәыхьчаразы, аеффективтә ҭагылазаашьақәа раԥҵаразы, ауаажәларратә усуратә ҟәшақәа рхаҭарнакцәа ацхыраара арҭоит ауаажәларратә рҿиара "Мы вместе".

Ҳаидгыланы, ҳаицхырааноуп ҳхи, ҳааигәара иҟоу ҳауацәеи ҳҭынхацәеи рыхьчара злаҳалшо.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа  рҟны аиааира згаз  Бжьаниа Аслан Гьаргь-иҧа иизынаишьҭеит адныҳәаларатә саламшәҟәы, уаҟа хәҭакахьала иҳәоуп:

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь – иҧа !

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусзуҩцәа зегьы рыхьӡала, иара убас сыхьӡала ишәыдаҳныҳәалоит хәажәкыра 22 рзы имҩаҧысуаз Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны шәиааира.

Иахьа, згәабзиара ԥку ахәыҷқәа рзы Ареспубликатә реабилитациатә центр ацхыраара аҭан. Ас еиԥш иҟаз ацхыраара  ҟаҵан «Жәларбжьаратәи афонд  Аԥсныи»  Ростовтәи анаплакы «Биофармеи» русеицзура иабзоураны.

Аҧсуа анацәа! Аҵеира зааӡо, Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа зхылҵуа, згәаҧхаррала аҧсҭазаара зырҧшӡо, шәажәеи, шәылаҧш хааи еснагь иҳацзааит! Ирҳәоит, аҧҳәыс аҧсҭазаара дахыҵхырҭоуп ҳәа. Аҧҳәыс  доуҳала дыӷәӷәазар, пату лықәзар, дҳаракызар, агәаӷьреи ачҳареи лылазар, илылшо рацәоуп. Ааҧынтәи аҧсабара аҧшӡара абзиабареи, агәыцқьареи, аизҳазыӷьареи шәзаанагааит! Еснагь агәырӷьара шәҿықәзааит! Ишәыдныҳәалаз зегь реиҳа иҧшӡоу, зегь реиҳа ихаау, аҳәса рымш ныҳәа!

Pages

Subscribe to Syndicate