Error message

Notice: Undefined index: #attached in metatag_hreflang_metatag_metatags_view_alter() (line 79 of /var/www/fondapsny.org/data/www/fondapsny.org/sites/all/modules/metatag/metatag_hreflang/metatag_hreflang.module).

Ахҭысқәа

15 Лаҵ to 01 Лаҵ

Агәамч - афонд еснагьтәи проектуп, еизҳауа абиҧара аспорт абзиабара рылааӡара иазкуп. Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, есымза «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҳтәыла ақыҭа школқәа аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәнаршәоит. Ақыҭақәа рҿы аспорт аҿиара ацхыраара аҭара, уаҵәтәи аҧеиҧш лаша иазкуп.

Аиқәшаҳаҭра Асоциологиатә лабораториа аҧҵаразы
Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», агәыҳалалра-уаажәларратә еиҿкаара «Кьарази», ҳтәылаҿы имҩаҧысуа асоциалтә процессқәа рыҭҵааразы, Аҧсны асоциалогиатә лабораториа аиҿкаара аҧшьыргеит. Аҧхьаҟатәи  аусеицуразы «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, агәыҳалалра-уаажәларратә еиҿкаара «Кьараз» анагӡаратә директор Кама Гоҧиаҧҳаи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Убри инақәыршәаны,  асоциологиатә лабороториа аусура  аиҿкааразы, “Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны” 300 нызқь мааҭ аҧара азоунажьит. 

Embedded thumbnail for Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» ахаҭарнакцәа идикылеит.

Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» ахаҭарнакцәа идикылеит Аҧсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан афонд ахада Сенер Гогәуа, амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, амассатә-информациатә  хархәагақәеи, ауаажәларратә еимадареи рхеилак анапхгаҩы Гәрам Амқәаб, акультуреи аҵарадырреи рыҟәша аиҳабы Нугзар Логәуа, асоциалтә политикатә хеилак анапхгаҩы Иулиа Гәымҧҳа, аҿартә политика аҟәша аиҳабы Асҭамыр Логәуа.  

Ишәыдаагалоит ажурнал  «Аҧсынтәыла сара стәыла» аелектронтә версиа. Иаарласны ҳара ҳсаит аҿы икьыҧхьхоит ажурнал еиднакыло анҵамҭақәа урысшәала, ҭырқәшәала, англыз, араб бызшәақәа рыла.

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчал араион ҳамҭас ианаҭеит акомпиутерқәа хәба

Иаарласны Тҟәарчатәи агәыҳалалра-ааглыхратә ҵараиурҭаҿы иаартхоит акомпиутертә ҽазыҟаҵарҭатә курсқәа.

Иахьа, Тҟәарчалтәи агәыҳалалра-ааглыхратә ҵараиурҭа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала ианашьан акомпиутерқәа ҧшьба. Иара убас, Тҟәарчал араион афонд ахаҭарнакс аусз зуа Виолетта Бигәааҧҳа лзы  компиутерк. Аҳамҭақәа рыманы Тҟәарчал араион иаҭааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, асоциалтә политика ахеилак анапхгаҩы Иулиа Гәымҧҳа, арепатриациеи адемографиеи рхеилак анапхгаҩы Сырма Ашәҧҳа.

Ауаажәларратә еиҿкаара “Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны” ахадареи, алахәылацәеи гәалсра дула ирыдыркылеит, абаҩхатәра ду злаз аҟаза, аҧсуа жәлар рмилаҭтә культура ахаҿра адунеи ахьынӡанаӡааӡо аларҵәара зылзыршаз, Жәлар рыбзиарабара ду иаҧсахаз, “Аҧсны Жәлар рартист” ҳәа аҳаҭыртә хьӡы зауз, иреиҳау Аҳәынҭқарратә ҳамҭа “Ахьӡ-Аҧша” аорден II аҩаӡара занашьоу Кандид Тарас-иҧа Ҭарба иҧсҭазаара дахьалҵыз.

Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭа инхо Баграт Ҧкьын иҧшәма ҧҳәыси иареи быжьҩык ахшара рааӡоит. Иреиҳабу аҭыҧҳа 18шықәса лхыҵуеит, иреиҵбӡоу хышықәса. Ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рсоциалтә ҭагылазаашьа ауадаҩрақәа азгәаҭаны, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» урҭ ацхыраара рынаҭоит.  Афонд имҩаҧнаго апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ҧкьынаа рҭаацәа ҳамҭас ирызнаган аҩнымаҭәахәқәа: архьшәашәага, ателевизор, амҿтәы печка, аӡырҧхага уҳәа анхара-анҵыраҿы рхы иадырхәо амаҭәахәқәа.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, афонд аҟны иаҧҵоу акультуреи аҵарадырреи, адемографиеи арепатриациеи рхеилакқәа рнапхгаҩцәа Нугзар Логәуа, Сырма Ашәҧҳа, афонд  ахьӡала араион ахаҭарнакс иҟоу Демиан Гогәуа  идикылеит  Очамчыра  араион ахада  Хьрыҧс Цьапуа.  Аиҧылараҟны «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа инарҭбааны дазааҭгылеит афонд аҿаҧхьа иқәгылоу ахықәкы, дрылацәажәеит еснагьтәи апроектқәа рыӡбахә. Араион ахада диирдырит афонд ахьӡала Очамчыратәи ахаҭарнакс ааигәа зыӡбаҳә ҳәаз Демиан Гогәуа.

Раҧхьаӡа акуны аҧсышәала иҭыҵит ажурнал ҿыц  «Аҧсынтәыла сара стәыла»  ҳәа хьӡыс изауз. Уи аҧшьгара алнаршеит Сенер Гогуа хадас дызмоу ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны». Ажурнал хықәкы хаданы аҿаҧхьа иқәнаргылоит амилаҭ реимадара арӷәӷәара, абиҧарақәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл азхьарҧшра. Афонд асаит аҟны ажурнал еиднакыло анҵамҭақәа еиҭагахоит урысшәала, ҭырқәшәала, англыз, араб бызшәақәа рыла. Ажурнал «Аҧсынтәыла-сара стәыла» шықәсык ахь ҩынтә иҭыҵлоит. Атираж 2000цыра ыҟоуп.

Апрель 12 инаркны 17-нӡа, Аҧснытәи аделегациа усуратә визитла Ермантәылатәи Ареспублика иаҭааит. Уи аилазаараҿы иҟан ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, афонд аҟны иаҧҵоу асоциалтә  политика ахеилак анапхгаҩы Иулиа Гәымҧҳа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа  ҳаиҿцәажәараҿы дазааҭгылеит аиҧыларақәа рылҵшәа.

 Сенер, шәазааҭгыларц сҭахуп  Ермантәылатәи Ареспубликахь шәцара хықәкыс иамаз?

Ҳаҭыр зқәу Нугзар  Ҷыҷыкәа-иҧа!

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа гәык-ҧсык ала ишәыдырныҳәалоит шәира мшы! Ишәзеиӷьаршьоит агәабзиара, аҧсуа иқәра нҵыра ду!

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Очамчыра араион иаҵанакуа аҧсуа қыҭақәа рҟынтә, ашкол қәра иаҵанакуа, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҵаҩцәа, апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны ацхыраара рзыҟаҵоуп. Афонд аусзуцәа ахәыҷқәа адәқьан ахь иганы, рҭахрақәа ирықәшәо амаҭәақәа рзаархәеит, иара убас аҵара апроцесс аҟны рхы иадырхәаша ацхыраагӡақәа рзалырхит. Аӡәыцыҧхьаӡа ихҭынҵоуп аанызқь мааҭ аҧара. Мызкы жәаҩык ашкол хәыҷқәа рхарџь иартәоит 80 нызқь мааҭ аҧара. Апроект «Агәыразра» аусура мҩаҧнагоит есымза знык. Уи иадыҧхьалахоит Аҧсны раионцыҧхьаӡа аҵаҩцәа.

Аҟәа араион, Баслаҭа амҩа аҭыӡҭыҧ ала инхо, ахшара рацәа змоу Реваз Шарамбаиеи, Есико Ҳашыгҧҳаи, жәҩык аҭыҧҳацәа рааӡоит: Вероника, Кристина, Милана, Лана, Илона, Гәында, Лилиана, Евелина, Даниела.  Зегь иреиҵбу ҧшьышықәса лхыҵуеит, иреиҳабу 22шықәса. Урҭ рахьтә фҩык Аҟәатәи  а-13-тәи абжьаратә школ аҟны аҵара рҵоит. Сынтәа ҩыџьа ашкол иалгоит, ргәы иҭоуп иреиҳау аҵараиурҭа иҭаларц.

Ҳара изаҳҭахузеи аҳәынҭқарра?  Изаҳҭаху акызаҵәык ауп: ҳажәлари, ҳҳәынҭқарреи, ҳбызшәеи, ҳкультуреи, даҽакы иаламҩашьо ҳмилаҭ ахаҿреи еиқәҳархарц. Амал, даҽа ҳәынҭқаррак аҿгьы арҳара алшоит. Аҧсуа жәлар иӷәӷәоу аҳәынҭқарра рымазароуп.  Лассы-лассы иалацәажәалатәуп аҧсуара ицәырнаго азҵаарақәа. Уи ажәлар ирыларҵәалатәуп.  Уахи ҽни ҳаиҳабацәа, ҳанацәа, ҳабацәа иныҟәыргоз,  иаҳцәыӡқәаз, ажәытәра иагақәаз ыҟоуп. Ииашоуп, аҧсҭазаара ҧхьаҟа ицоит, ҳацныҟәароуп.  Аха, иҳамоу аихаҳара ҳалҳаршароуп, ацәқәырҧақәа ҳаҽрыҳамҭароуп.

Раҧхьаӡа акәны, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Гагра араион Бзыҧҭа аҳабла инхо, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рхәыҷқәа рзы, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы, ҷыдала иқәыргылан Хәыта Џьапуеи, Семион Хәаҭланӡиеи рҩымҭа иалху аспектакль «Аҳ деилазгаз ауаҩы». Аҧсуа театр ахәаҧшыҩцәа, раҧхьаӡа акәны ари ақәыргыламҭа дырбан 1946 ш. азы.  Ҳазҭагылоу аамҭазы, аспектакль режиссиорс дамоуп Мадина Аргәынҧҳа. Аиҭакрақәа алагаланы, аҟазацәа  рбаҩхатәрала ирылдыршеит ахәаҧшцәа рхыхра.

Азакәанҭҵаара аганахь ала исҳәарц исҭаху,  еиуеиҧшым аамҭақәа рзы, хырхарҭа рацәала  иҳадаҳкылаз азакуанқәа ыҟоуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы, адемографиа аганахь ала иҳадаҳкылеит азакуан «Ани ахшареи рзинқәа рыхьчара, урҭ рыцхыраара». Ари азҵаара, еиуеиҧшым агәаанагарақәагьы цәырнагеит ҳҳәынҭқарраҿы. Азакуан,  зны аус ианаҧырхагоу ыҟоуп, зны иара ашҟа уанхьанарҧшуа ыҟоуп. Иагыу иабзоу ыҟазаргьы, ҳахшыҩқәа еилаҵаны иҳариашаша азҵаарақәа рацәаӡоуп, аҧхьаҟа иҵегьы имҩақәҵатәуп, иҭҵаатәуп. Адемографиа азҵаара иазҿлымҳам уаҩ дыҟоуп ҳәа сыҟаӡам иахьа. Уи даара ихьаа дуны иҳамоуп зегьы.

Иаашаҵәҟьаны,ҳажәлар рдуӡӡара ирацәаӡаны иаадырҧшхьеит. Иахьатәи ҳҭагылазаашьа,  иҳамоу ҳхатә ҳәынҭқарра, ҳхақәиҭреи, ҳхьыҧшымреи ирҿахәҳәагоуп. 

Embedded thumbnail for Уаха, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыраҿы - Астол гьежь «Ҳазҭагылоу аамҭа: аҵас, ақьабз».

Апрел 6, асааҭ 21:45 рзы,  Аҧснытәи  аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аканал ала  ишәырбахоит Астол гьежь «Ҳазҭагылоу аамҭа: аҵас, ақьабз».

2016 шықәса, Ианвар мза  инаркны иахьанӡа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала,  ҿыц ахшара зауз аҧсуа ҭаацәарақәа рзы еиҿкаау еснагьтәи апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҳамҭақәа рызшоуп 500 инареиҳаны аҭаацәарақәа. Уи еиднакылоит ахәыҷы иааӡараҿы ан  лхы иалырхәо амаҭәахәқәа.

Аҧсны араионқәеи, ақалақьқәеи рҟны имаҷҩым ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа. Убас еиҧш, Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭа инхо Кархалаа рҭаацәа быжьҩык ахшара рааӡоит. Аҩнаҭа аҧшәма Боча Кархалаа, ихьыз ачымазара иахҟьаны, хышықәса раҧхьа иҧсҭазаара далҵит.

Кындыӷ ақыҭа инхо Аслан Чихлаӡеи, Зита Цацуаҧҳаи жәҩык ахшара рааӡоит.  Ԥшьҩык  аҭыҧҳацәеи, хәҩык  арҧарцәеи: Кристина, Сабина, Викториа, Руслан, Амина, Артур, Радик, Игор, Милана.  Иреиҵбӡоу ҩышықәса ихыҵуеит.  Аҭыҧҳацәа руаӡәк аҭаацәара далалахьеит.  Фҩык ашкол иҭоуп, ҩыџьа макьана ихәыҷқәоуп.  Мышқәак рыла ари аҩнаҭаҿы асаби изыҧшуп. Ҿыц дираны дыҟоуп ажәабатәи амаалықь.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Аҟәа ақалақь, асасааирҭа Атриум-Викториа аконференц зал аҟны имҩаҧысит аҧсуара атемала Астол гьежь: «Ҳазҭагылоу аамҭа, аҵас, ақьабз». Уи рхы аладырхәит, ауаажәларратәи-аполитикатәи усзуцәа, Аҧсны Жәлар реизара адепутатцәа, аҵарауаа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иаҧшьгарала иаҧцоуп, апроект ҿыц «Агәыразра».  Уи аҧҟарақәа инарықәыршәаны, ишьақәырӷәӷәоуп зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау  ашколхәыҷқәа рхыҧхьаӡара, шықәсык аҩныҵҟа афонд ахьӡала ацхыраара зауа. Мызкы жәаҩык ашкол хәыҷқәа, афонд ахьӡала ироуеит дара рҭахрақәа ирықәшәо ахаҵгылара.  

«Аҧсны аҵарадырратә усбарҭақәа, еиҳаракгьы араионтә библиотекақәа рзы, ари лагала маҷуп. Араионтә библиотекақәа егьырҭ абиблиотекақәа жәпакы реиҧш аҭагылазаашьа уадаҩ рымоуп.

Аҧсны Аҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аҧҵан 23 шықәса раҧхьа.

Ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы еиҿкаан 1993шықәса, хәжәкыра 23 рзы, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, усҟан Иреиҳау Асовет ахантәаҩыс иҟаз, анаҩс Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи ахада Владислав Арӡынба иқәҵарала. Аилак ахантәаҩыс дшьақәырӷәӷәан Ныгәзар Ашәба.

Ҳҳәынҭқарраҿы ДЦП ачымазара зыхьуа ахәыҷқәа рхыҧҳьаӡара шәҩыла иҟоуп. Урҭ  аҧхьаҟатәи рҧеиҧш аиӷьтәра гәцаракра азнауеит ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны». Афонд аҧшьгарала иаҧҵоуп аусуратә гәыҧ, ари ачымазара ишьҭнахуа азҵаарақәа реиҿкаара  ахылаҧшра азҭо. Зегь раҧхьа иргыланы иалацәажәоуп аҳәаанырцәынтәи аспециалистцәа Аҧсныҟа раагара, акадрқәа реиҵааӡара, зылшара ҧку ахәыҷқәа аҭыҧан ацхыраара рыҭара. Уи азы апрграмма шьақәыргылоуп

Тҟәарчал араион администрациаҟны имҩаҧысит араион ахадареи, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҳаҭарнакцәеи реиҧылара. Уи иалахәын араион ахада Аида Чачхалиаҧха, лхаҭыҧуаа Зураб Аршба,  Витали Кәыҵниа, афонд ахьӡала Тҟәарчалтәи ахаҭарнак Виолетта Бигәааҧҳа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа,  афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, аекономикатә ҿиареи аинвестициеи, афинансқәеи  рхеилак анапхгаҩы Абессалом Кәарҷиа,  адемографиеи, аҧсуареи рхеилак анапхгаҩы Сырма Ашәҧҳа.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала имҩаҧысит ДЦП ачымазара иадҳәалоу,  изаамҭанытәиу аусуратә гәыҧ аилатәара.

Алықьса Гогәуа  иира мшы  аҳаҭыразы,  ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахаҭарнакцәа, афонд аусбарҭахь   ааҧхьара ирҭеит. Уи дицын, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа.

Ауаажәлааратә еиҿкаара « Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» аспонсорцәа ируаку анаплакы «Бета-Медикал», Виалета Гагәылиаҧҳа напхгара зылҭо, Аҟәа ақалақь иҟоу  зылшарақәа ҧку  ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә  центр ацхыраара азыҟанаҵеит. 330 цыра аортопедиатә хчқәа аинвалидцәа  рзы ацентр ҳамҭас ианаҭеит.

Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысит аҧсуа пародиеи алафи рныҳәа иазкыз ахәылҧаз. Уи еиҿнакааит афилалогиатә факультет акафедреи,  Анатоли Лагәлаа редакторс дызмоу ажурнал «Алашара»  аредакциатә еилазаареи.  Аиҿкааратә усқәа рҟны финансла ацхыраара ҟанаҵеит  Сонер Гогәуа хадара зиҭо ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны».

Сара сыҧсҭазаараҿы исхамшҭуа ахҭысқәа рацәоуп. Ҭырқәтәыла ҳанынхоз ҳаиҳабацәа реиҭаҳәамҭақәа рыла иаҳдыруан Апсны ҳәа аҧсадгьыл шҳамаз, ҳандуцәа ҳабдуцәа мчымхарала иахьықәцаз аҧсуа џьынџь дгьыл шыҟаз. Урҭ имырӡкәа, еиқәырхан иаҳзеиҭарҳәаз аҭоурых, хымҧада анырра ӷәӷәа ҳарҭеит. Ҳара ашкол ахь ҳанныҟәоз, аҵара ҭырқәшәала акәын ҳшахысуаз. Аҧсныи ҳареи иҳабжьаз аимадара хьысҳан. Ҳазшаз разҟыс исиҭеит Аҧсныҟа саартә, сынхартә, сыҧсҭазаара сыҧсадгьыл аҿы имҩасыртә…

Арҭ амшқәа рзы, Ҭырқәтәыла,  усуратә визитла иҟаз ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны » ахада Сонер  Гогәуеи, уа инхо ҳдиаспора рхаҭарнакцәеи реиҧылара мҩаҧысит. Март 4 рзы,  Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуаа ркультуратә хеидкылақәа рҟны инарҭбааны иазгәарҭеит Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба игәалашәара иазкыз аусмҩаҧгатәқәа. Адаҧазар, Сақариа ақалақь аҟны еиҿкаау аҧсуаа ркультуратә хеидкыла аиҳабы, ҳџьынџьуаҩ  Орал Бганба иаҧшьгарала имҩаҧысыз Владислав Арӡынба игәалашәаратә хәылҧазы ашҟа ааҧхьара иман «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа.

Асасааирҭа «Атриум Викториа» аконференц зал аҟны имҩаԥысит, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» еиҿнакаауа, ахәбатәи еышықәсатәи аҳасабырбатә еизара.

2015 ш. рзы,  афонд  «Ашана» ахәышәтәра зҭахыз аӡәырҩы ахәыҷқәа ацхыраара рынаҭеит.  2015 ш. илагӡаны,  ахәыҷқәа рыхәышәтәразы еизган  8 миллионки 135 нызқьи 165 мааҭи. Уи 36-ҩык ахәыҷқәа рыхәышәтәрахь идәықәҵан. Урҭ рахьтә 34-ҩык ахәыҷқәа амедецинатә цхыраара роуит Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Израиль  ахәышәтәырҭақәа рҟны.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҿыц ахшара зауз аҧсуа ҭаацәарақәа рзы иаҧнаҵаз апроект «Ани амаалықьи», ҳреспублика ахьынӡанаӡааӡо аларҵәара амоуп. Убас, Гәдоуҭа араион афонд ахаҭарнакцәа аҳамҭақәа рыманы иаҭааит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», Бзыҧта ақыҭа инхо Хьециаа рҭаацәа ацхыраара рзыҟанаҵеит.

Гагра араион Бзыҧҭа ақыҭа инхо, Дмитри Хьециа иҭаацәараҿы ирызҳауеит  жәаҩык ахшара.  Хәҩык аҧацәеи, хәҩык аҭыҧҳацәеи.  Ааигәа, ари аҩнаҭаҿы иҟалеит арыцҳара. Ахәыҷқәа дрыҧхеит 45ш. ирҭагылаз, зыхшара згәазхара иззымбацыз  урҭ ран, Аннета Ҳамиҭҧҳа. Аб ихәыҷқәа игәыҵыҳәҳәа, излаилшо ала рааӡара даҿуп. 

18 Жәа to 17 Хәа

Еснагьтәи афонд апроект, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау ашкол аҵаҩцәа рыцхыраара иазкуп. «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны», есымза, жәаҩык ашколхәыҷқәа , аӡәыцыҧхьаӡа, аанызқь мааҭ  аҧара  аҳәаақәа ирҭагӡаны,ирыгу ирыбзоу амаҭәақәеи, ашкол аҟны рхы иадырхәо амаҭәахәқәеи рзаархәоит.

Апроект аусура аҟны адгылара ҟанаҵеит Аҧсны аҵареи  аҭҵаарадырреи рминистрра. Урҭ, афонд, асиа рзышьақәнаргылеит, амамзаара иахҟьаны, ашкол ахь имцоз ахыҷқәа рсиа ашьақәыргылараҟны.

Ҳазҭалаз ашықәс азы, афонд иаҧшьнагеит апроект ҿыц "Агәыразра". Уи аҧҟарақәа инарықәыршәаны, ишьақәырӷәӷәоуп ашколхәыҷқәа рхыҧхьаӡара, шықәсык аҩныҵҟа афонд ахьӡала ацхыраара зауа. Апроект "Агәыразра" иаҵанакуеит 120-ҩык ашколхәыҷқәа. Шықәсык, апроект ахә иартәоит 960нызқь мааҭ. Хаҭала, 120-ҩык ахәыҷқәа рыцыҧхьаӡа аанызқь мааҭ рыхә амаҭәа рнапаҿы ироуеит. Есымза, апроект жәаҩык ашколхәыҷқәа адгылара рынаҭоит. Иахьа, апроект аусура хацнаркит. Тҟәарчал араион аҟынтәи 10-ҩык ахәыҷқәа ироуит ааба-ааба нызқь мааҭ рыхә амаҭәа.

Embedded thumbnail for "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны", шықәсык аахыҵит

Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны", шықәсык ахыҵра аҳаҭыразы, афонд аҧҵаҩцәеи, аиҿкааҩцәеи, алахәылацәеи еиқәшәеит. Ирылацәажәан шықәсык аҩныҵҟа афонд аусура алкаақәа, иара убас, аҧхьаҟатәи ауснагӡатәқәа рызҵаатәқәа.

Embedded thumbnail for Ахәыҷқәа рзы, ателехәаҧшратә дырраҭара «Мрашҭа» аефирахь иҭыҵит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», имҩаҧнаго аусхкқәа ируакуп изызҳауа ахәыҷқәа ирызку апроектқәа рыдгылара, рҵарадырра аизырҳара, аҧсуа бызшәа анырра рыҭара, агәыбылра рылааӡара, аҧсҭазаара аҧҟара иашақәа рықәныҟәара.
Сонер Гогәуа напхгара зиҭо, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» афинанстә цхыраара анаҭеит, Февраль 6 рзы, Абаза телехәаҧшрала аефир ахь иҭыҵыз ахәыҷтәы дырраҭара «Мрашҭа». Ари адырраҭара иадыҧхьалоуҧ зхатәы бызшәала ицәажәо, еиуеиҧшым арубрикақәа мҩаҧызго ахәыҷқәа рацәаҩны. «Мрашҭа» аефирахь иҭыҵуеит мызкахьы ҩынтә.

Сынтәа, 115ш. ихыҵуеит еицырдыруа аҵарауаҩ, апоет, ауаажәларратә усзуҩ, «Ахьӡ-аҧша» актәи аҩаӡара занашьоу, Омар Баирам-иҧа Беигәаа.
Убри инамаданы, ҳҳәынҭқарраҿы иаҧҵоуҧ Омар Беигәаа игәалашәаратә усмҩаҧгатәқәа реиҿкааразы, Аҧсны аҧыза-министр Артур Амқәаб напхгара зиҭо акомиссиа. Акомиссиа алахәылацәа ируаӡәкыуп «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа, афонд аҟны иаҧҵоу аҧсуаразы ахеилак анапхгаҩы, аиҭагаҩ Оқтаи Ҷқотуа.

Аекономикатә ҭагылазаашьа аныуадаҩу аамҭазы, агәыҳалалратә ҟазшьа змоу аусқәа реиҿкаара, еиҳагьы иаҭахны иҧхьаӡоуп. Ҳазҭагылоу аамҭазы, иҳәынҭқарратәым афондқәа рбиуџьет анышьақәдыргыло, ицәырҵуеит еиуеиҧшым ауадаҩрақәа. 2015 шықәса рзы, иаҧҵаз «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара ирылдыршеит русура аҿаҧхьа иқәгылаз ахықәкы анагӡара, убри аан, аҭыҧантәи анаплакқәа рхаҭарнакцәа реиҧш, аҳәаанырцә инхо ҳдиаспора алархәны. Афонд аҧҵара,  насгьы иарбан хырхарҭақәоу аус здырулоу, дазааҭгылоит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахада Сонер Гогәуа.

Очамчыра араион  Џьал ақыҭа инхо, Беслан Габелиеи, Светлана  Габлаиаҧҳаи быжьҩык ахшара рааӡоит. Ишырҳәо еиҧш, аныҳәаҩ ихы рыдиныҳәалартә  иҟоуп. Аҧсуара аҳра ахьауа, ҳмилаҭә қьабзқәа аҧҟарақәа ирықәныҟәо арҭ аҭаацәа, рыхшара ламыс цқьала иааӡоуп. Ахәыҷқәа ракәзар, еихӡыӡаауеит, еихылаҧшуеит, изларылшо ала рҭаацәа ирыцхраауеит.  Ҳҳәынҭқарреи,  ҳауаажәларреи  рҧеиҧш лаша аҟны, амалқәа зегьы ирмалу ахшара рацәа змоу аҭаацәа рыдгылара, хықәкыс иҟаҵаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара, Габелиаа рҭаацәа, анхара анҵыраҿы рхы иадырхәо абзазаратә маҭәахәқәа рыла ацхыраара рзыҟарҵеит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара, 100нызқь мааҭ аҧара, зыҩны блыз, хшара рацәа змо Қорсантиаа рҭаацәа ҳамҭас иранаршьеит.

Ноиабр 24, 2015шықәса рзы, Тырқәтәылатәи арратә-ҳаиртә мчқәа, Сириатәи ажәҩан аҵаҟа иҭадырхаз Урыстәылатәи аруаа, арегионалтә еибарххарақәа рыҿиара амҩа ылнахит. Еиҩызцәаз, аус еицызуаз, 40млрд.доллар ахәаахәҭра еикәыршара зыбжьаз, мышкала еиӷацәахеит.

Ауаажәларратә еиҿкаара  «Жәларабжьаратәи афонд Аҧсны» ашҟа, имаҷым еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла ацхыраара зҭахны иаауа ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа. Еиҳарак зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау, згәабзиара уашәшәыроу рхыҧхьаӡара маҷым. Афонд ишьақәнаргылаз аҧҟарақәа азгәаҭаны, дара ихадырҭәаауеит анкетақәа.  Анаҩс, ирҩыз арзаҳал инақәыршәаны, афонд ахаҭарнакцәа ақәҵара рыдырклоит. Еиҳа ацхыраара зҭатәны ирыҧхьаӡо, афинанстә цхыраара рзоунажьуеит. Убас еиҧш, декабр мзазы, афонд  иалаҵаз арзаҳалқәа ахаҵгылара роуит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусуратә еизара мҩаҧнагеит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҳазҭалаз ашықәс раҧхьатәи амзазы имҩаҧнагеит  ишьақәыргылоу аструктурақәа рхадацәа злахәыз аусуратә еизара. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, аиҧылара аартуа, инарҭбааны иазгәеиҭеит, 2015 шықәса иалагӡаны афонд имҩаҧнагаз, еиҿнакааз аусурақәа ртәы. Иара убас, иааидкыланы афонд иартәаз ахарџь.

Афонд ахықәкы хадақәа ируакуп аҧсуа жәлар реидкылара, адемографиа, асоциал-економика, акультура, аҧсуара уҳәа, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла апроектқәа реиҿкаара, рымҩаҧгара.

Pages

Subscribe to Syndicate