Ахәыҷқәа ацхыраара рыҭоуп

Иахьа, шьыжьнаҵы «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аусбарҭахь фҩык лхәыҷқәа лыцны дааит ан.  Лара лыхшара рзы ашәҵатәи ашьапымаҭәеи  даҳәеит. Қәрала иаҳгозар, еиуеиԥшым: иҟоуп ашкол ахь имцақәац, ашкол иҭоу. Зегь иреиҳабу иакәзар, Аҟәа ақалақь ацхыраагӡатә школ ахь дныҟәоит. Угәы ирыцҳанашьон ахәыҷкәа уахьрыхәаԥшуаз, дара ааԥынтәи амаҭәақәа рыла  еилаҳәан.

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахаҭарнакцәа иҟарҵаз ааԥхьара дадгылеит аусдкылаҩ, ашьапымаҭәа ахьырҭиуа адәқьан змоу ҳџьынџьуаҩ Оқтаи Аӡынба. Оқтаи, еснагь еиԥш, гәахәарыла идикылеит иҟаҵаз аҳәара, ахәыҷкәа рыцыԥхьаӡа ашьапымаҭәақәа ҳамҭас ириҭеит. 

Иҭабуп, Оқтаи, иаашәырԥшыз агәыҳалалразы!

Subscribe to Syndicate