Аҟәатәи ақәыҧшцәа рыҩны апроект «Апрофориентациа ацентр» афинанстә цхыраара аиуит афонд аҟынтә

Аҟәатәи ақәыҧшцәа  рыҩны апроект «Апрофориентациа ацентр» напхгара алҭоит  аҧсихолог, асеқциа аиҳабы Хаҭуна Лагәуаҧҳа.  «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» ари апроект адгылара анаҭеит. Аноутбукқәа хәба ҳамҭас иананашьеит.

Ари ацентр хықәкыс иамоуп ахәыҷқәеи, аҿари рзаанаҭ алхраҿы ацхыраара рыҭара. Апроект аусура иабзоураны, Аҧсны иаатуеит раҧхьатәи аусбарҭа,  еизҳауа абиҧара рзаанаҭ алхраҿы ацхыраара рызҭо.

Subscribe to Syndicate