Аҟәатәи ареспубликатә реабилитациатә центр аҟны злымҳа ибзины измаҳауа ахәыҷқәа рзы ауада аартуп.

Иахьа, ареспубликатә реабилитациатә центр аҟны имҩаҧысит злымҳа ибзины измаҳауа ахәыҷқәа рзы ауада аартра. Уи еиқәыршәоуп ҳаамҭазтәи атехнологиа иақәшәо амаҭәахәқәа рыла, алымҳа ашьҭыбжь бзианы иазырҳауа ахархәагақәа рыла.

Ари апроект еиқәыршәоуп еиуеиҧшым аиҿкаарақәеи афонди рыбзоурала. Ахәҭакахьала, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ас еиҧш иҟоу ауада аиҿкаара аус аҟны ахатә лагала ҟанаҵеит, аҧхьаҟагьы ари аус аизырҳара агәы иҭоуп.  Агәабзиарахьчара аминистрреи  Еиду амилаҭқәа реиҿкаара ахәыҷтәы фонди (ИУНИСЕФ) алымҳа ашьҭыбжь маҷны иазырҳауа зыхҟьо аҭҵаара еицымҩаҧыргеит. ИУНИСЕФ ахахьы иагеит ауада иахәҭоу амаҭәахәқәеи, иҷыдоу аппаратуреи рыла аиқәыршәара, иара убас жәларбжьаратәи аҟазацәа ааҧхьара рыҭоуп иарбоу ахырхарҭала акадрқәа реиҵааӡареи, аҧышәа  рыҭареи рзы.

Ауада аартра  иазкыз аизара иалахәын ареспубликатә реабилитациатә центр анапхгара, агәабзиарахьчара аминистрра, ИУНИСЕФ-и «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи»  рхаҭарнакцәа.

Subscribe to Syndicate