Аҳҭны қалақь аҿы имҩаҧысит Нугзар Логәуа ирҿиаратә хәылҧази, исахьақәа рцәыргақәҵеи.

И.Папасқьыр ихьӡ зху аҳәынҭқарратә библиотекаҿы имҩаҧысит асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа ирҿиаратә хәылҧази, ицәыргақәҵеи «Аҵхи амши».  Уи еиҿнакааит ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны». Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа ииз, абаҩхатәра ду злоу асахьаҭыхҩы, арҿиаҩы Нугзар Логәуа иҟазара, Аҧснеиҧш уи анҭыҵгьы еицырдыруеит.   Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи, Урыстәыла апрофессионалтә сахьаҭыхыҩцәеи Реидгыла далоуп. Иусумҭақәа ҵәахуп Аҧсны амилаҭтә галереиа аҿеиҧш, Урыстәыла, Англиа, Еиду Америкатәи аштатқәа, Италиа, Сан-Марино, Иапониа, Ҭырқәтәыла уҳәа, акыр аҳәынҭқаррақәа рҿы. Ԥшшәы рацәала еиларсу иусумҭақәа ирныҧшуеит асахьаҭыхҩы идунеихәаҧшышьа аҳәаақәа акыр ишыҭбаау, ишимоу иара ихатә знеишьа, ихатә гьама. Нугзар Логәуа изы аҟазара-ҵыхәаҧҵәара змам ҧсҭазаароуп. Ихәыҷра ашықәсқәа инадыркны, аҟазарахь илаз абзиабара маҷ-маҷ ицәырҵуа иалагеит. Усҟантәи аамҭа акыр ишыуадаҩызгьы,  иаб, иара ибаҩхатәра иаиҭаз  анырра иабзоураны, Нугзар Логәуа, Аҧсны акультура ишьҭамҭа акы иузаламырҩашьо ианиҵеит.  Инаӡеит арҿиаҩы аҧсҭазаарахь имаз иҳәахьа.

Нугзар Логәуа ирҿиаратә хәылҧазы еиднакылаз зегьы алшара рыман ҩаҧхьа аҟазара адунеи аҭаара, уи иаҵаҵәаху амаӡақәа рахь  досу ихатә знеишьа аарҧшра. Ахәылҧаз еиднакылаз хаҭала Нугзар Логәуа ирзеиҭеиҳәеит иҧсҭазаареи, ирҿиартә мҩеи рҟны еиҳа  иаликаауа ахҭысқәа. Ихатәы жәеинраалақәа реиҧш дрыҧхьеит, иара доуҳала изааигәоу аҧсуа классикцәа ражәеинраалақәа. Арҿиара абзиабаҩцәа рнапаҿы ирыҭан, мышқәак раҧхьа иҭыҵыз иусумҭақәа еидызкыло ажурнал.

«Ҩ-ҧштәык роуп егьырҭ зегь зхылҵуа,
Аҵхи амши рыҽрымадан.
Агәы ицәырнагоит агәы иалоу, аҧсҭазаара аҽалаӡҩан».

Нугзар  Логәуа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет асахьаҭыхратә ҟазара акафедраҿы рҵаҩыс аус иуеит. Ихьыҧшым асахьаҭыхыҩцәа реидгыла  «Аҧсны-Арт» хантәаҩыс дамоуп. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» акультуреи аҵарадырреи рыҟәша напхгара азиуеит. 

Subscribe to Syndicate