Ақәранҵыра

10/06 2016 to 16/11 2020

Апроект «Ақәранҵыра» акыр шықәса зхыҵуа  абыргцәа ирызкуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны шәышықәса иреиҳау ауаа ацхыраара рынаҭоит. Ақәра ду нызҵуа ауаа, ҳҭоурыхи ҳқьабзқәеи  иузырҟәымҭхуа ирыдҳәалоуп.  Ас еиҧш иҟоу абыргцәа, ирхыргахьоу ауадаҩрақәа азгәамҭакәа, адоуҳатә беиареи ақьиареи еиқәдырхоит.  
Раҧхьатәи апроект аусура инақәыршәаны, 116 шықәса зхыҵуа Думаа Нуца Константин-иҧҳа,  афонд ахьӡала аҳамҭақәа ланашьан.  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахаҭарнакцәа,  Гиннесаа ррекордтә шәҟәахьы  арзаҳал рҩит,  Нуца Константин-иҧҳа ашәҟәы дҭаргаларц, адунеи аҿы инхо зегь реиҳа ақәра змоу аӡә лаҳасаб ала.

Subscribe to Syndicate