Акультура гәыҳалалратә фонд «Ашана» 2015ш. аҳасабырба. 36-ҩык ахәыҷқәа ацхыраара рыҭоуп.

Асасааирҭа «Атриум Викториа» аконференц зал аҟны имҩаԥысит, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» еиҿнакаауа, ахәбатәи еышықәсатәи аҳасабырбатә еизара.

2015 ш. рзы,  афонд  «Ашана» ахәышәтәра зҭахыз аӡәырҩы ахәыҷқәа ацхыраара рынаҭеит.  2015 ш. илагӡаны,  ахәыҷқәа рыхәышәтәразы еизган  8 миллионки 135 нызқьи 165 мааҭи. Уи 36-ҩык ахәыҷқәа рыхәышәтәрахь идәықәҵан. Урҭ рахьтә 34-ҩык ахәыҷқәа амедецинатә цхыраара роуит Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Израиль  ахәышәтәырҭақәа рҟны.

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахадаратә ҭыԥ аанызкыло партниоруп агәыҳалалратә фонд «Ашана» имҩаԥнаго аус аҟны.  Афонд ахьӡала, шықәсык афонд «Ашана» иахыԥхьаӡалахоит 800 нызқь мааҭ аԥара.

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны»  ахада ихаҭыԥуаҩ  Мақсим Ӷәынџьиа, аҳасабырбатә еизара ихы алаирхәит.  Иара иқәгылараҿы, афонд «Ашана» имҩаԥнаго аус ахә ҳаракны ишьеит.  Агәыӷра ааирԥшит,  егьырҭ афондқәеи, ауаажәларратә еиҿкаарақәеи еидгыланы, хыԥхьаӡара рацәала ацхыраара зҭаху ахәыҷқәа рыхьчареи, алшара змами  адгылара шрырҭо.

Акультура гәыҳалалратә фонд «Ашана» адиректор  Џьивеира Колосова иазгәалҭеит, рфонд ҩаԥхьа аусура ишацнаҵо.    Ахәҭакахьала иазааҭгылан,  «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны»  ҳтәылаҿы  ДЦП ачымазара зыхҟьо амзызқәа реилкааразы аус аҭҵаара  нап шаларкуа.

Subscribe to Syndicate