Аладатәи Урыстәыла – Урыстәылеи - Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьақәа аконтекст аҿы

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара, ахада Сонер Гогәуеи уи ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиеи иалахәын «Аладатәи Урыстәыла – Урыстәылеи-Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьақәа аконтекст аҿы» темас измаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә сессиа. Ари асессиа мҩаҧысуан ақалақь Ростов,  Аладатәи Афедералтә Университет аҟны, абҵарамза 11, 2019 ш. рзы.

Асессиа иалахәын иара убас Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыҭҵаарадырратә гәыҧқәа рхаҭарнакцәа. Хәҭакахьала:

Цибенко Вероника – Аладатәи Афедералтә Университет, адисциплинартәи агәыҳалалратәи ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы.

Гаджиев Амур Гаджибабаи-иҧа ҳаамҭазтәи Ҭырқәтәыла аҭҵаара ацентр аиҳабы.

Чомак Хасрет – Сҭампылтәи ауниверситет «Кент», агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рфакультет, аполитологиа Акафедра апрофессор.

Аватков Владимир – РАН адунеитә економикеи, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи ринститут, мрагылараҭҵааратә ҭҵаарақәеи,  жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи, иаарту адепломатиеи рцентр аиҳабы (ақ. Москва).

 Аибар Ахмет Седат – апрофессор, Сҭампылтәи ауниверситет «Аидын», аекономикеи афинансқәеи Рыҟәша аиҳабы (ақ. Сҭампыл, Ҭырқәтәыла Аҳәынҭқарра).

Криучков Игорь – Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет, Агуманитартә институт аҳәаанырцәтәи аҭоурыхи, аполитологиеи, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи ркафедра аиҳабы ( ақ. Ставрополь).

Евченко Наталиа – Аладатәи Афедералтә Университет, Иреиҳаӡоу абизнес школ апрофессор, Урыстәыла Афедерациа Аиҳабыра иатәу Аналитикатә центр аексперт (ақ. Ростов).

 Мамичев Евгени Евгени-иҧа – Азовтәи амузеи - аҳәырҧсарра аиҳабы (ақ. Азов).

Трапш Николаи Александр-иҧа Ростовтәи атәылаҿацә Аҳәынҭқарратә архив аиҳабы ( ақ. Ростов).

Агуманитартә еилазаараҟны урыстәылатәи-ҭырқәтәылатәи еизыҟазаашьақәа рыҿиаразы астратегиатә ҧыжәара амоуп Аладатәи Урыстәыла.

Аҧхьагыларатә академиатә дәыс иҧхьаӡоуп Аладатәи Афедералтә Университет. Уи, урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи аҭҵаарадырратә експерттә центрқәа русеицзура иабзоураны, имҩаҧнагоит амакрорегион иаҵанакуа актуалтә темақәа рдискуссиақәа.

Адискуссиа амҩаҧысраан, аусмҩаҧгатә алахәылацәа ирылацәажәеит иеиуеиҧшым азҵаарақәа, хәҭакахьала:

- Аладатәи Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реимадарақәа рҭоурыхтә ҧышәа.

- Аладатәи Урыстәылаҟны  урыстәылатәи-ҭырқәтәылатәи аусеицзура аҷыдарақәеи аҧеиҧши.

- «Ауаҩытәыҩса иеилкаара» амчхара Аладатәи Урыстәылаҟны, урыстәылатәи-ҭырқәтәылатәи аизыҟазаашьақәа рышьақәырӷәӷәаразы;

- Ҭырқәтәыла амакрорегионалтә усеицзура амодельқәа рыҿиара алшара, Аладатәи Урыстәыла иаҿырҧшны;

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа рықәгылараҟны ргәаанагара рҳәеит, Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьа арҿиараҟны Аҧсны алахәра ишхырҳагоу. Аҧсны, ас еиҧш иҟоу апроектқәа рҟны иқәгылар алшоит алахәылаҩ еиҧш, цҳак аҳасабалагьы, аекономика аҟны ада, ауаа рыбжьарагьы.

Ас еиҧш иҟоу аусеицзура даара акраҵанакуеит, избан акәзар иамоуп аидҵаратә хаҭарақәа. Аҧснытәи, иара убас кавказтәи, уаарацәалатәи адиаспора ахьынхо Ҭырқәтәыла, еиҳа иааигәоуп ҳазлахәаҧшуа аҵкыс. Арегион аҟны аизыҟазаашьақәа рыҿиара, аамҭарацәалатәи аҭышәынтәалара ахьчаразы шьаҭас иҟалароуп.

Subscribe to Syndicate