«Амассатә информациа ахархәагақәа -ақьабзқәеи, аҿыц аԥшьгарақәеи рыбжьара, ҳаамҭазтәи ауаажәларреи, аетнокультуреи».

Ашәахьа, февраль 20 рзы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсни» еицымҩаԥыргоит Астол гьежь  абри атема ала:  «Амассатә информациа ахархәагақәа -ақьабзқәеи, аҿыц аԥшьгарақәеи  рыбжьара, ҳаамҭазтәи ауаажәларреи, аетнокультуреи».  Уи азкуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 85 ш. ахыҵра. Имҩаԥысуеит  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы.

Астол гьежь ахықәкы- ауаажәларра рсоциалтә структураҿы амассатә информациа ахархәагақәа ирыцу ауадаҩрақәа рылацәажәара, аполитикатә, аекономикатә, асоциалтә, акультуратә уадаҩрақәа рыӡбараҟны  урҭ инарыгӡо ароль.

Атема актуалра адҳәалоуп аглобализациатә  процессқәеи, урҭ ирыцу атенденциақәеи. Уи аҟны аҭыԥ хада ааннакылоит амассатә информациа ахархәагақәа. Убри аҟынтә иахьа иазгәаҭазарц ахәҭоуп уи аҿиара иамоу аихьӡарақәа, иара убас ауаажәларра аҟны иааннакыло аҭыԥи  ахаҭареи.

Астол гьежь аҟны ирылацәажәахоит абарҭ атемақәа :

Атрадициатә культура  а-ХХI-тәи ашәышықәсаҿы ауаажәларра рыҿиараҿы шьаҭак аҳасабала;
Атрадициатә культура ауаажәларра реидкылараҿы.
Амедиатә еилазаара апроблемақәа реиҭарҿиара  ахырхарҭаҿы;
Адиаспора аҩныҵҟа амилаҭтә культура арҿиара аус аҟны амассатә информациа ахархәагақәа ҭыԥс иааныркыло;
Амедиакультура аԥсуа қьабзқәа рконтекст аҿы. 

 

 

Subscribe to Syndicate