Апроект «Аԥеиԥш» аусура иацнаҵеит Кәтол ақыҭа

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» еснагьтәи апроект «Аԥеиԥш» аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳаҭааит Очамчыра араион, Кәтол ақыҭа инхо, ахшара рацәа змоу Коӷониаа рҭаацәара.

Аҭаацәа реиҳабы –абду Андреи Коӷониа, иԥшәмаԥҳәыси, иԥеи, иҭацеи фҩык ахшара рааӡоит, хҩык аҷкәынцәеи, хҩык аӡӷабцәеи: Анастасиа, Софиа, Данила, Аинар, Илиа, Еснаҭ. Зегь иреиҳабу илхыҵуеит жәашықәса, зегь иреиҵбу ԥшьышықәса. Урҭ рахь хәҩык ашкол ахь иныҟәоит. Ахәыҷқәа аҵара бзианы ирҵоит. Ашколтә маҭәарқәа зегьы рҟнытә зегь раасҭа бзиа ирбоит аҳасабра.

Мызкы аԥхьа, Кәтол ақыҭа ахада Вахтанг Кәарацхьелиа «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аусбарҭахь аҳәара ҟаиҵеит змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау, ахшара рацәа змоу Коӷониаа рҭаацәа ацхыраара рыҭазарц. Апроект « Аԥеиԥш» аҳәаақәа ирҭагӡаны афонд ахь иҟаҵаз аҳәара иахаҵгылеит. Аҭаацәа рҭахрақәа еилкааны, афонд ахьӡала ирызнаган еиуеиԥшым абзазаратә маҭәахәқәа: аӡәӡәага машьына, аҩнырԥхагақәа, агаз-фымцатә плита, амҿтәы ԥечка, аӡы зҭарҭәо абак, атрансформатор, иара убас абзазараҿы рхы иадырхәо амаҭәарқәа имаҷымкәа.

Ахәыҷқәа ирызнагаз аҳамҭақәа даара иреигәырӷьеит.  Агәыӷра ҳамоуп аҭааҵәа ирыҭаз аҳамҭақәа рыбзазараҿы акыр ирыхәап ҳәа.

Аҭаацәа реиҳабы Андреи Коӷониа иганахьала ҭабуп ҳәа реиҳәеит «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахада Сонер Гогәуа аԥхьа днаргыланы, иар убас афонд ахаҭарнакцәа зегьы, ахшара рацәа змоу аԥсуа ҭаацәарақәа рзы иҟарҵо ацхырааразы.

Subscribe to Syndicate