Апроект «Агәамч» аусура иацҵоуп Гәдоуҭа араион.
05 Жьҭ
Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа аҭааит Гәдоуҭа араион, есымза афонд имҩаҧнаго апроект «Агәамч» анагӡаразы. Ҳазҭоу амзазы афонд ахьӡала, аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәыршәахеит Гәдоуҭатәи актәи абжьаратә школ. Аҳамҭақәа рыманы ари ашкол иаҭааит афонд ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа, афонд аусзуцәа Роман Қапба, Симон Агрба, Саида Кәарацхьелиаҧҳа.
Ашкол адиректор Валикуа Арзамеҭ-иҧа Ҭаниа, ашкол аҵаҩцәеи, арҵаҩцәеи рыхьӡала, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иҟанаҵаз ацхырааразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит. Ашколхәыҷқәа ракәзар, ргәырӷьара ҳәаак амамкәа, аспорттә маҭәахәқәа рхархәарахь иаразнак ииасит. Урҭ аспорт зал аҟны ашьапылампыл асразы амбақәа рнапала иргыланы ахәмаара иалагеит. Абасала, афонд иабзоураны иҭацәны иҟаз аспорт зал еиуеиҧшым аспорттә хархәагақәа рыла ихаҭәаахеит.
Апроект «Агәамч» аус ауеит есымза, Аҧсны араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҟны.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Мықә ақыҭа
- Апроект «Агәамч» аусура иацҵоуп Очамчыратәи аҧшьбатәи ашкол аҟны
- Ашьапылампылтә клуб «Самырзаҟан» азы ашәҵатә форма ҿыцқәа
- Апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Гал араион
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа Ҷлоу ақыҭа иаҭааит.
- Апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Гагра араион Лӡаа ақыҭан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусура хацнаркит апроект ҿыц «Агәамч»