Апроект «Агәамч» аусура иацҵоуп Очамчыратәи аҧшьбатәи ашкол аҟны

Апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ацхыраара анаҭеит Очамчыратәи аҧшьбатәи абжьаратә школ.

 Апроект «Агәамч» аспорттә маҭәахәқәа рыла ашколқәа еиқәнаршәоит. Уи хықәкыс иамоуп аҵаҩцәа абаҩарҵәыра абзиабара рылааӡара, радыҧхьалара. Очамчыратәи аҧшьбатәи абжьаратә школ азы  афонд ахаҭарнакцәа ҳамҭас инаргеит ампылқәа, амҵәышәымпыл ахьҭадыршәуа амацәаз, ашьапылампылтә амбақәа, аҧкьаҭымпыл азы асеҭкақәа уҳәа хкы рацәала аспорттә маҭәахәқәа.

Ашкол адиреқтор Гындиа Ҭемыр Дмитри-иҧа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵо ацхырааразы, ахәҭакахьала  афонд аспонсор хада  «Абхазморпром» ашкол еснагь адгылара ахьанаҭо.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа,  ашкол аҵаҩцәа ирзеиҭалҳәеит афонд имҩаҧнаго, аҿар ирызку апроектқәа гәахәарыла ишынарыгӡо, уи агәырӷьара шырнаҭо.

«Ҳара ҳзы ихадароуп аҿар доуҳала, гәабзиарала иӷәӷәазарц, аҵара рыманы ирызҳауазарц, акультура рылааӡазарц. Уи азы ҳарҭ иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит»-ҳәа азгәалҭеит Асида Инаҧшьҧҳа.

Subscribe to Syndicate