Апроект «Агәыразра» ацхыраара рынаҭеит Гәылрыҧшь араион аҟынтә жәаҩык ашколхәыҷқәа.

Есымза знык, Аҧсны араионқәа рҟынтә зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа рҟынтә  жәаҩык ашколхәыҷқәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала ацхыраара роуеит.

Убас еиҧш, иахьа, Гәылрыҧшь араион аҟынтә жәаҩык аҵаҩцәа алшара рыман, Аҟәа ақалақь аҿы, дара рҭахрақәа ирықәшәо ашәҵатәи, ашкол аҿы рхы иадырхәаша амаҭәахәқәеи раахәара. Хәыҷыцыҧхьаӡа ихҭынҵоуп  аанызқь мааҭ аҧара. Иааидкыланы, мызкы апроект «Агәыразра» иақәхарџьуп  80 нызқь мааҭ. Шықәсык иалагӡаны апроект «Агәыразра» иаҵанакуеит 120-ҩык ашколхәыҷқәа.

Аҭаацәеи, аҵаҩцәеи ракәзар, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа аҧхьа днаргыланы, аусзуцәа зегьы ҭабуп ҳәа рарҳәоит иаадырҧшуа агәыразреи, ахаҵгылареи, ацхыраареи рзы. 

Subscribe to Syndicate