Апроект «Агәыразра» аҵарашықәс ҿыц аҽазыҟанаҵоит

Апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» афинанстә цхыраара рынаҭеит зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҧсуаа ҭаацәарақәа рхәыҷқәа ашкол ахь реиқәыршәаразы. Иахьа, 20-ҩык аҵаҩцәа рҭаацәа рыцны афонд аусбарҭахь иааит. Анаҩс, афонд ахаҭарнакцәа рыцны,  Аҟәа ақалақь иҟоу адәқьанқәа руак иаҭааит, аҵаҩцәа ашкол ахь иршәырҵаша амаҭәақәеи, аканцелиартә маҭәахәқәеи раахәаразы.

«Сара жәаҩык ахәыҷқәа сымоуп. Урҭ рахьтә быжьҩык ашкол ахь ицоит. Дара зегьы ирызхаша ашәҵатәи, ашәҟәқәеи, атетрадқәеи раахәара ҳамч ақәхомызт. Афонд ас еиҧш ацхыраара ҳзыҟанамҵазтгьы, сынтәа актәи акласс ахь ицоз ахәыҷы даҳзышьҭӡомызт, маҭәа-ҩыҭәала даҳзеиқәыршәомызт.  Шәара шәыбзоурала, ахәыҷы иашьцәеи иаҳәшьцәеи дрыцны ашкол ашҭа дҭалоит, актәи акласс ахь ишьаҿа еихигоит, егьырҭ иҩызцәа хәыҷқәа реиҧш  игәаҳәара наӡеит. Уи ихашәалаз аҧарала, егьырҭ схәыҷқәагьы ирҭахыз рзаасхәеит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит»-лҳәеит ахшара рацәа ран Зита Цацуа.

«Сара схала хҩык ахәыҷқәа рааӡара саҿуп, сара сагьануп, сагьабуп дара рзы. Иҭабуп ҳәа расҳәоит афонд аусзуцәа, дара рыцхыраара сымамызтгьы адәқьан аҿы ахәыҷқәа ирҭахыз сзаахәомызт, уимоу  егьсзалхуамызт»-ҳәа азгәеиҭеит Гәдоуҭа араион Дружба ақыҭа инхо Ҭемыр Ҵәыџьба.

Апроект «Агәыразра» аусура мҩаҧнагоит есымза, уахь иаҵанакуеит Аҧсны араионқәа зегьы.

Subscribe to Syndicate