Апроект «Агәыразра» аусура иацнаҵеит Аҟәа араион.

Иахьа, Аҟәа араион иаҵанакуа абжьартә  школ аҵаҩцәа, есымза знык, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго  апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны, 10-ҩык ашкол аҵаҩцәа шәҵатәылеи, ашкол маҭәахәқәеи рыла  еиқәнаршәеит. Хәыҷыцыҧхьаӡа ихҭынҵоуп 8000 мааҭ аҧара. Мызкы ари апроект иартәоит 80нызқь мааҭ.

Аҭаацәеи, ахәыҷқәеи рзы хымҧада ари аус агәахәа рызҭо цхыраагӡоуп.

Ишдыру еиҧш, ҳазҭагылоу аамҭазы, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа зегьы рсоциалтә ҭагылазаашьа еиҧшым. Иҟоуп зыхшара рааӡараҿы ауадаҩрақәа зыҧгыло аҭаацәарақәа. Убарҭқәа зегьы азгәаҭаны, Сенер Гогәуа зхадараҿы дыҟоу  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа, ҳтәылаҿы  еизҳауа ахәыҷқәа, изларылшо ала агәыҳалалратә цхыраара рзыҟарҵоит. Арҭ ахәыҷқәа рахьтә, издыруада аҧхьаҟа зыҧсадгьыли зыуаажәлари рзы ихьӡырҳәаганы иҟало?!  Шәааи нас, ҳаидгылап, ҳаицхыраап, амҩа бзиа иқәаҳҵап уаҵәтәи ҳҧеиҧш ҳәа ҳазхәаҧшуа  аҿар!  Аҧсуаа еснагь ирылан агәыразра, арыцҳеибашьара, аихаҵгылара. Урҭ аҟазшьақәа ҳрыцәхьамҵып. Мҩамш ахәыҷқәа!

Subscribe to Syndicate