Апроект «Агәыразра» аусура иацнаҵеит Очамчыра араион

Иахьа, Очамчыра  араион иаҵанакуа абжьартә  школ аҵаҩцәа, есымза знык, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго  апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны  жәаҩык ашкол аҵаҩцәа  шәҵатәылеи, ашкол маҭәахәқәеи рыла еиқәнаршәеит. Аҭаацәа ахәыҷқәа рыцны афонд аусбарҭахь иааит. Анаҩс, дара  афонд ахаҭарнакцәа рыцны, Аҟәа ақалақь иҟоу адәқьанқәа руак иаҭааит. Уаҟа инагӡан  урҭ  рҭахрақәа.

Аҭаацәеи, ахәыҷқәеи рзы хымҧада ари аус агәахәа рызҭо цхыраагӡоуп.  Дара ҭабуп ҳәа рарҳәоит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусузцәа иаадырҧшуа ахаҵагылареи, азҿлымҳареи рзы.

 Иахьа имҩаҧгаз апроект «Агәыразра» иалахәын Очамчыра ақлақь,  Џьал, Кәтол, Мықә, Ԥақәашь, Ҷлоу, Мыркәыла ақыҭақәа рҟынтә аҵаҩцәа.

Апроект «Агәыразра» аусура мҩаҧнагоит есымза, уахь иаҵанакуеит Аҧсны араионқәа зегьы. 

Subscribe to Syndicate