Апроект «Агәыразра» аусура иацҵоуп.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иаҧшьгарала иаҧцоуп, апроект ҿыц «Агәыразра».  Уи аҧҟарақәа инарықәыршәаны, ишьақәырӷәӷәоуп зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау  ашколхәыҷқәа рхыҧхьаӡара, шықәсык аҩныҵҟа афонд ахьӡала ацхыраара зауа. Мызкы жәаҩык ашкол хәыҷқәа, афонд ахьӡала ироуеит дара рҭахрақәа ирықәшәо ахаҵгылара.  

Раҧхьа имҩаҧгаз апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ацхыраара рыҭан Тҟәарчал араион аҟынтәи 10-ҩык ашкол хәыҷқәа.  Мышқәак раҧхьа, Гәдоуҭатәи араион аҟынтәи даҽа жәаҩык ашкол аҵаҩцәа,  афонд ахьӡала ирзаахәан рҭахрақәа ирықәшәоз амаҭәақәеи, аҵараҟны рхы иадырхәаша ацхыраагӡақәеи. Урҭ ралхраҟны ацхыраара ҟарҵеит афонд аусзуцәа.  Апроект еиҿкаауп, Аҧсны аҵарадырреи, аҭҵаарадырреи рминистрреи, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» заа имҩаҧыргаз аиҿцәажәара инақәыршәаны. Шықәсык  апроект  «Агәыразра»  иаҵанакуеит 120-ҩык ашкол хәыҷқәа. Афонд ахьӡала урҭ ирыҭахо ацхыраара ахарџь иартәоит 960 нызқь мааҭ аҧара. 

Subscribe to Syndicate