Апроект «Агәыразра» аусура иацҵоуп.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Очамчыра араион иаҵанакуа аҧсуа қыҭақәа рҟынтә, ашкол қәра иаҵанакуа, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҵаҩцәа, апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны ацхыраара рзыҟаҵоуп. Афонд аусзуцәа ахәыҷқәа адәқьан ахь иганы, рҭахрақәа ирықәшәо амаҭәақәа рзаархәеит, иара убас аҵара апроцесс аҟны рхы иадырхәаша ацхыраагӡақәа рзалырхит. Аӡәыцыҧхьаӡа ихҭынҵоуп аанызқь мааҭ аҧара. Мызкы жәаҩык ашкол хәыҷқәа рхарџь иартәоит 80 нызқь мааҭ аҧара. Апроект «Агәыразра» аусура мҩаҧнагоит есымза знык. Уи иадыҧхьалахоит Аҧсны раионцыҧхьаӡа аҵаҩцәа. Уажәазы, хымз иалагӡаны ацхыраара рыҭоуп Тҟәарчал, Гәдоуҭа, Очамчыра араионқәа рҟынтә ахшара рацәа змо аҧсуаа ҭаацәарақәа рхәыҷқәа.

Subscribe to Syndicate