Апроект «Агәыразра» аусура иацҵоуп

Иахьа, Гәдоуҭа араион аҟынтәи ашколқәра иаҵанакуа жәаҩык ахәыҷқәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны ацхыраара рыҭан. Аҳҭны қалақь ахь ааҧхьара змаз аҵаҩцәа  ирзаахәан амаҭәақәа, иара убас аҵараҿы ацхыраагӡа рызҭо ашколтә  хархәагақәа.

Апроект «Агәыразра» иаҵанакуеит Аҧсны араионқәеи, ақалақьқәеи рҟны инхо, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа рхәыҷқәа.

Гәдоуҭа араион аҟынтә ацхыраара зыҭаз аҵаҩцәа ироуз аҳамҭақәа даара ргәы иахәеит. Аҭаацәеи, ахәыҷқәеи ҭабуп ҳәа рарҳәоит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» хадара азызуа Сенер Гогәуеи, ари апроект аус адызуло афонд ахаҭарнакцәеи зегьы. 

Subscribe to Syndicate