Апроект «Аҧеиҧш» Аҟәа ақалақь Воуаа рҭаацәа иаҭааит

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахшара рацәа змоу зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа ацхыраара рынаҭоит. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны афонд ахаҭарнакцәа Асида Инаҧшьҧҳаи, Сырма Ашәпҳаи, Мџьыҭ Гогәуеи,  ахшара рацәа змоу Беслан Воубеи Фатима Кәыҵниаҧҳаи рҭаацәа ирҭааит. Дара нхоит Аҟәа ақалақь, Ахабла ҿыц иҟоу аҩнеихагылақәа руак аҟны. Афонд аусзуцәа ари аҭаацәара аҳамҭақәа рызнаргеит, урҭ рхыҧхьаӡараҿы  иҟан «Ани амаалықьи» ашәыра. Мышқәак раҧхьа Воуаа рҭаацәараҿы иҟалеит ахҭыс гәырӷьахә, диит афбатәи ахәыҷы, хьӡысгьы ирҭеит Алан. Фатимеи Беслани ҧшьҩык аҭыҧҳацәеи, ҩыџьа арҧарцәеи рааӡоит. Аҩнаҭаҿы аус зуа аб иоуп, ҿыц ахшара дзауз ан аҩны дыҟоуп.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала,  Воуаа рҭаацәа ҳамҭас ирыҭан аӡәӡәага машьына, агазтә, афымцамчтә плита.

Апроект «Аҧеиҧш» -афонд еснагьтәи проектуп, уи ацхыраара рынаҭоит ахшара рацәа зааӡо, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау   аҧсуа ҭаацәарақәа. 

Subscribe to Syndicate