Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рзы имҩаҧнаго апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Аҭара ақыҭан. Ари ақыҭаҿы инхо 35 шықәса зхыҵуа Омар Гындиа, иҧшәмаҧҳәыс Ирина Ҵәыџьҧҳаи иареи ирааӡоит  ааҩык ахшара: Рада, Радха, Ренат, Руслана, Расита, Регина, Растислава, Раиана. Иреиҳабӡоу илхыҵуеит 16 шықәса, зегь иреиҵбу асаби ҩымз. 

Гындиаа рҭаацәа рсоциалтә ҭагылазаашьа акыр ихьысҳауп. Ақыҭа агәы акыр иацәыхаран инхоит. Ахәыҷқәа ашкол ахь ианцои ианымцои еиҟароуп, ҩсааҭк инеиҳаны аныҟәашәа бжьоуп. Ари аҭаацәараҿы иҟоу ауадаҩрақәа зегьы ирыцкуп аӡы амамзаара, аӡы ахьынтәаарго акыр ирцәыхароуп.  Аҧшәмаҧхәыс лгәабзиара акәзар акыр иуашәшәыроуп, аҧшәма ихатә џьабаала иахьа капеик аҩныҟа изаагар разҟуп, аха еснагь усурала деиқәшәам.

Абарҭқәа зегьы азгәаҭаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Гындиаа рҭаацәа ацхыраара рзыҟанаҵеит. Афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи, арепатриациеи адемографиеи рзы афонд аҟны иаҧҵоу ахеилак анапхгаҩы Сырма Ашәҧҳаи,  арҭ аҭаацәара афонд ахьӡала аҳамҭақәа рыманы ирҭааит. Иаҳҳәозар: аӡәӡәага, ателевизор, агазтә плита, адуховка, ауанҭа, ачаиник, амаҭәа-ҩыҭәа уҳәа абзазараҿы рхы иадырхәаша амаҭәахәқәа маҷымкәа.

Аҧшәма аҩны дыҟамызт, аҧшәмаҧҳәыс лакәзар, афонд ахада Сенер Гогәуа раҧхьа днаргыланы афонд аусзуцәа ҭабуп ҳәа ралҳәоит иҟарҵаз агәыҳалалратә цхырааразы. 

Subscribe to Syndicate