Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дәрыҧшь ақыҭа

Гәдауҭа араион Дәрыҧшь ақыҭа инхо Мери Барцыц-Агрба, лықәрахь днеихьеит.  Лҧа Романи, лҭаца Таниеи  ирыхьыз ачымазара иахҟьаны рыҧсҭазаара иалҵхьеит. Лара иааӡатәны илзынхеит ҩыџьа лмаҭацәа, Ивани, Дианеи. Дара абжьаратә школ аҟны аҵара рҵоит.  Рҭаацәа рдунеи анырыҧсахуаз ихәыҷқәан, рыхшара рааӡара иахьымӡеит. Зшьапы ркхьаз рыҩны акәзар, аргылаха рмаӡеит. Аха, ауацәа аҭынхацәа ирыбзоураны  аҩны ахыбра ргыланы иалгеит. Уажәшьҭа ҩнымаҭәахәыла архиароуп иаҭахәу.

Ааигәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  аусбарҭахь аҳәара ҟаҵан, Аграа рҭаацәа ацхыраара рыҭазарц.  Апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, афонд иҟаҵаз аҳәара иахаҵгылеит. Ахәыҷқәа ргәаҳәара иақәшәоз,  адәқьан «Дорош» аҟны,  аҩнымаҭәа рзаархәеит.

 Иахьа,  Аҳамҭа иацны, Дәрыҧшь ақыҭа, Аграа рҭаацәа ирҭааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи, афонд ахаҭарнак Сырма Ашәҧҳаи.

Анду лгәи-лылаӷырӡи еилаҵәо, ҭабуп ҳәа ралҳәеит  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгареи,  ахаҭарнакцәеи, еиҭымла изызҳауа лмаҭацәа ахаҵгылара ахьрырҭаз.

Subscribe to Syndicate