Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Очамчыра араион Баслахә ақыҭа

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ҩаҧхьа иаҭааит Очамчыра араион Баслахә ақыҭа, Иамзе Заракәуаҧҳа лҭаацәа. Иамза Заракәуаҧҳа,  лхала быжьҩык ахшара лааӡоит, хәышықәса зхыҵуа инаиркны 16 шықәса зхыҵуа иҟынӡа. Лара хҩык арҧарцәеи, ҧшьҩык аҭыҧҳацәеи дрануп. Лыхшара рааӡараҟны ацхыраара лылҭоит лан.  Иамза, аҭаацәа зегьы рныҟәгара лҟәаҟәа иқәуп, лан-дтәанчаҩуп. Лыҧшәмеи лареи ҩышықәса раахыс еилыҵны иҟоуп, иара иҟынтәи изаҟаразаалак цхыраарак ыҟам. Аусурахь шарҧазы дгыланы дцоит, ианаамҭоу днеирц азы. Аус луеит Кындыӷ ақыҭа, ауҭраҭых ааӡарҭаҿы.

Аҭагылазаашьа уадаҩ аҟны ирызҳауеит аҭаацәа. Аҩны акапиталтә ремонт аҭахуп, аӡынра арҧхагақәа рымам. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахаҭарнакцәа Асида Инаҧшьҧҳа,  Демиан Гогәуа, Мџьыҭ Гогәуа, аҭаацәа ирыгыз заа иазгәаҭаны, аматериалтә цхыраара рзыҟарҵеит. Афонд ахьӡала, Иамзе лҭаацәа ҳамҭас ирызнаган ахәы зҭарҵо архьшәашәага, аӡы зладыршуа абак,  аӡы ахьеизыркуа абак, ателевизор,  ачаиник уҳәа абзазаратә маҭәахәқәа.

 «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» хадара азызуа Сенер Гогәуеи, аус ицызуа иҩызцәеи ирықәнагоу а жәа аҳәара сақәшәом. Иҭабуп идуӡӡан иаашәырҧшыз агәыҳалалразы, ацхырааразы. Сара, иаҳзаажәгаз зегьы раахәаразы шықәсы рацәала аус зур акәын. Исырҳауа сҭаацәа рыфатә заҵәык ауп изызхо. Сара даара сҭагылазаашьа уадаҩуп, аха сгәы касыжьуам, сыҽсырӷәӷәоит. Зегьы ирыцку-сыхшара аҭынч жәҩан аҵаҟа ирызҳауеит. Агәра згоит ари адунеи аҟны ишыҟоу згәы разу, згәы ҳалалу ауаа»-лҳәеит, быжьҩык ахшара ран, зџьабаа цәгьоу, аха убри аан ачча зҿықәыхху  Иамзе Заракәуаҧҳа. 

Subscribe to Syndicate