Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Тҟәарчал ақалақь аҿы

​Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи ахаҭарнакцәа Асида Инаҧшьҧҳа, Роман Қапба, Мџьыҭ Гогәуа, Тҟәарчал ақалақь инхо, ахшара рацәа змоу Лагәлаа Лерики Чаабал Иринеи рҭаацәа ирҭааит. Уаҟа ирызҳауеит быжьҩык ахшар-Леуан, Леон, Гена, Еснаҭ, Лионелла, Иасмин, Аинар. Урҭ рахьтә ҧшьҩык ашкол ахь иныҟәоит, аиҵбацәа ахәыҷбаҳчахь.

Аҩнаҭа аҧшәма Лерик Лагәлаа, еснагь аус ахьиуа имам, иҧшәма ҧҳәыс лакәзар, аҩны дыҟоуп, ахәыҷқәа лааӡоит. Ас еиҧш аҭаацәара ду ахьыҟоу, ҳәарада, абзазаратә маҭәахәқәа рыгымхар алшома?

Зыӡбахә ҳамоу аҭаацәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» атехникатә маҭәахәқәа рыла ацхыраара рынаҭеит. Урҭ ҳамҭас ирызнаргеит афатә ахьҭарҵо архьшәашәага, аӡәӡәага  машьына, адуховка, аҩнарҧхагақәа.

Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵоит Аҧсны егьырҭ араионқәеи ақалақьқәеи  ирҟны.

Subscribe to Syndicate