Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭа.

Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭа инхо Баграт Ҧкьын иҧшәма ҧҳәыси иареи быжьҩык ахшара рааӡоит. Иреиҳабу аҭыҧҳа 18шықәса лхыҵуеит, иреиҵбӡоу хышықәса. Ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рсоциалтә ҭагылазаашьа ауадаҩрақәа азгәаҭаны, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» урҭ ацхыраара рынаҭоит.  Афонд имҩаҧнаго апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ҧкьынаа рҭаацәа ҳамҭас ирызнаган аҩнымаҭәахәқәа: архьшәашәага, ателевизор, амҿтәы печка, аӡырҧхага уҳәа анхара-анҵыраҿы рхы иадырхәо амаҭәахәқәа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа илыцны Ҧкьынаа рыҩнаҭахьы инеит Блабырхәа ақыҭа ахада Илларион Абыџьба, афонд ахьӡала Гәдоуҭа араион ахаҭарнак иҟоу Саида Кәарацхьелиаҧҳа.  Урҭ ҭабуп  ҳәа ахырҳәааит афонд иҟанаҵаз ацхыраара. 

Subscribe to Syndicate