Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гудоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан
21/11 2017
11-ҩык ахшара рҭаацәа Жьиба Кумачи, Мархолиаҧҳа Иулиеи, Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭа инхоит. Ахшара ран «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭахь илҩыз арзаҳал инақәыршәаны, афонд анапхгара аҳасабырба рыдыркылеит ари аҧсуа ҭаацәара ацхыраара рзыҟарҵарц. Апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Жьиаа рҭаацәа ҳамҭас ирыҭан ателевизор, афатә зҭарҵо архьшәашәага, ауадақәа зладырҧхо амаҭәар, аӡәӡәага машьына, аӡы хазгало анасос, афатә злаҟарҵо афымцатә плита, иара убас абзазараҿы рхы иадырхәаша амаҭәахәқәа рацәаны.
Кумачи Иулиеи рыхшара рахьтә, аиҳабы ихыҵуеит 26 ш, аиҵбы быжьшықәса. Хәҩык ашкол ахь иныҟәоит, хәҩык ашкол иалгахьеит, аиҵбы макьана аҩны дыҟоуп. Аҭаацәа инеиҧынкыланы аусурҭа рымам. Аӡы акәзар ауадаҩрақәа рызцәырнагоит, акыр ахарантә иааргоит. Ақәа анлеиуа ақәаӡы ныхтәыс еизыркуеит. Аҭаацәа аҧсыуак ишиаҭәо еиҧш ақыҭаҿы рхы ныҟәыргоит, ауҭраҭых ҟарҵоит, арахә-ашәахә рзануп. Аха, 11-ҩык ахшара рааӡара ицәырнаго ауадаҩрақәа еилкаау усуп. Убри азгәаҭаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа абзазаратә маҭәахәқәа рыла ацхыраара рынаҭоит.
Иазгәаҭатәуп, Мгәыӡырхәа инхо Жьиаа рҭаацәа ацхыраара рыҭаразы Иорданиа ҳьынџьуаа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ишахырыҧхьаӡалаз аҧара.
Афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи, Сырма Ашәҧҳаи, Мџьыҭ Гогәуеи, Жьиаа рҭаацәа рҿы ирҧылаз ахәыҷқәа, агәахәара ду рырҭеит. Ҭабуп ҳәа рарҳәоит афонд анапхгареи, ацхыраара рызҭаз Иорданиа инхо ҳџьынџьуааи.
Дауҭ, Саида, Рада, Даур, Дмитри, Салима, Хамида, Сабина, Данил, Демо, Асҭамыр Жьиаа, агәра ҳгоит рыҧсадгьыли рыуаажәлари рзы ихәарҭаханы ишгыло!
- Апроект « Аԥеиԥш» Ҭхьына ақыҭараҟны
- Апроект «Аԥеиԥш» аусура иацҵоуп Абгархықә ақыҭаҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дәрыҧшь ақыҭа
- Аиааира амш ныҳәазы, апроект «Аҧеиҧш» иацҵоуп Драндра аҳаблан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҟәа ақалақь
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Аҟәа ақалақь
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Тҟәарчал ақалақь аҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гал араион
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дранда аҳаблан
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан
- Апроект «Аҧеиҧш» Ҟәланырхәа ақыҭа Аҩӡаа рҭаацәа иаҭааит
- Апроект «Аҧеиҧш» Аҟәа ақалақь Воуаа рҭаацәа иаҭааит
- Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацнаҵеит Тҟәарчал.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гагра араион Бигәаа рҭаацәа рҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Очамчыра араион Баслахә ақыҭа
- "Жәларбжьаратәи афонд Аҧ сны" аусура иацнаҵеит апроект "Аҧеиҧш".
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гәылрыҧшь араион Агәӡера аҳабла.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Тҟәарчал.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭа.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура инақәыршәаны, Шарамбаиа рҭаацәа ацхыраара рыҭоуп
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭан.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Бзыҧта ақыҭаҿы
- Апроект «Аҧеиҧш», Џьал ақыҭа аусура иацнаҵеит.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп.
- Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацҵоуп.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект ҿыц «Аҧеиҧш» аусура хацнаркит.