Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭан.

Аҧсны араионқәеи, ақалақьқәеи рҟны имаҷҩым ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа. Убас еиҧш, Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭа инхо Кархалаа рҭаацәа быжьҩык ахшара рааӡоит. Аҩнаҭа аҧшәма Боча Кархалаа, ихьыз ачымазара иахҟьаны, хышықәса раҧхьа иҧсҭазаара далҵит. Аҧшәмаҧҳәыс Жанна Ҳаџьымҧҳа, иааӡатәны илзынхеит быжьҩык  ахшара, хәҩык арҧарцәеи, ҩыџьа аҭыҧҳацәеи.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рзы имҩаҧнаго апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Кархалаа рҭаацәа аматериалтә цхыраара рзыҟанаҵеит. Афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа,  Очамчыра араион ахьӡала афонд ахаҭарнакс иҟоу Демиан Гогәуа, арепатриациеи, адемографиеи рхеилак анапхгаҩы Сырма Ашәҧҳа, арҭ аҭаацәара аҳамҭақәа рыманы ирҭааит. Иаҳҳәозар: ателевизор, аӡы зҭарҭәо абак, анасос, аӡәӡәага машьына, ауада зладырҧхо  уҳәа ацхыраагӡатә маҭәахәқәа маҷымкәа.  

Демиан Гогәуа инарҭбааны дазааҭгылеит афонд имҩаҧнаго аусура атәы. Зегь раҧхьа иргыланы, афонд хықәкыс ишамоу, Аҧсны адемографиатә ҭагылазаашьа азҿлымҳара аҭара, уи азы излалшо ала, адгылара аарҧшра.

Асида Инаҧшьҧҳа лакәзар иазгәалҭеит, ахшара рацәа зааӡо аҧсуа ҭаацәарақәа рҿы, ан аҭакҧхықәра ду шлыду.

«Ҳара даараӡа ҳреигәырӷьоит абас еиҧш ахьхьаџьџьаҳәа ахәыҷы рацәа аҧсуа игәараҭаҿ иахьрызҳауа.  Ҳазҭагылоу аамҭазы, ииашоуп ахныҟәара уадаҩуп. Еиҳагьы ихьанҭоуп, ахшара рааӡара знапы алаку ан лџьабаа. Абри аус аҟны, иҳалшо ала адгылара ҳзаарҧшуазар, уи ҳара ҳзы игәырӷьароуп»-ҳәа азгәалҭеит афонд амаӡваныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа.

Кархалаа рҭаацәа, афонд ахьӡала ироуз ахаҵгылара, ҭабуп ҳәа ахырҳәааит.

 «Ҳақәгәыӷуамызт ас еиҧш ацхыраара ҳауп ҳәа. Иаҳзаажәгаз зегьы, ҳхәыҷқәа рааӡараҿы иҳагыз-иҳабзаз ауп. Шәара шәажәа аҧхарра мацарагьы ҳазхон. Еизҳауа ахәыҷқәа  аҧсахааит шәџьабаа»-дцәажәон абду.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура хацнаркижьҭеи, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа ааба, ацхыраара рынаҭахьеит. 

Subscribe to Syndicate