Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Тҟәарчал.

Апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аршба Мераби, Иакәыб-оглы  Аидеи  рҭаацәа ирҭааит. Дара хәҩык ахшара рааӡоит: хҩык ачқәынцәеи, ҩыџьа аӡӷабцәеи. Зегь иреиҳабу 17 ш. ихыҵуеит, сынтәа ашкол далгоит, ҩыџьа аҷкәынцәа Гагратәи алицеи интернат аҿы аҵара рҵоит, иреиҵбу ҧшьышықәса лхыҵуеит.  Ахшара рацәа змоу аҭаацәа Тҟәарчал инхоит. Урҭ рҭагылазаашьа мариам, аҭаацәа рхада Мераб-дтәанчаҩуп, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра инвалидуп, иҧшәма ҧҳәыс Аида, еснагьтәи аусура лымаӡам, акурорттә аамҭазы ак лырҳарц лҽазылшәоит.

   Арҭ аҭаацәа ирызкыз адырра  афонд ахь иаалыцҳаит  афонд Тҟәарчалтәи  ахаҭарнак Виолетта Бигәааҧҳа. Лара хаҭала дырҭааны илбеит, еилылкааит урҭ рҭагылазаашьа зеиҧшраз, ирыгыз-ирыбзаз. Арышаа рҭаацәа, афонд ахьӡала ҳамҭас ироуит архьшәашәага, агазтә плита, аӡыршыга абак, иара убас афонд асувенирқәа.

Мераб Аршба, афонд ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит иаадырҧшыз азҿлымҳаразы: «Шәара иаҳзыҟашәҵаз аҳамҭақәа ҳрықәгәыӷуамызт. Абри еиҿызкааз зегьы, ҷыдала Сенер Гогәуа, даара иҭабуп ҳәа шәасҳәоит, абас еиҧш ахшара рацәа змоу аҭаацәа шәахьрыцхраауа азы. Иахьа имариаӡам ахныҟәгара, еиҳаракгьы рматериалтә ҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп ахшара рацәа зааӡо аҭаацәарақәа»-ҳәа азгәеиҭеит Мераб.

 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, Арышаа рҭаацәа ирзеиҭалҳәеит афонд инанагӡо апроектқәа ртәы, насгьы ирзеиӷьалшьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара, аманшәалара. 

Subscribe to Syndicate