Апроект «Аҧеиҧш» аусура инақәыршәаны, Шарамбаиа рҭаацәа ацхыраара рыҭоуп

Аҟәа араион, Баслаҭа амҩа аҭыӡҭыҧ ала инхо, ахшара рацәа змоу Реваз Шарамбаиеи, Есико Ҳашыгҧҳаи, жәҩык аҭыҧҳацәа рааӡоит: Вероника, Кристина, Милана, Лана, Илона, Гәында, Лилиана, Евелина, Даниела.  Зегь иреиҵбу ҧшьышықәса лхыҵуеит, иреиҳабу 22шықәса. Урҭ рахьтә фҩык Аҟәатәи  а-13-тәи абжьаратә школ аҟны аҵара рҵоит. Сынтәа ҩыџьа ашкол иалгоит, ргәы иҭоуп иреиҳау аҵараиурҭа иҭаларц.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» абас еиҧш,  ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа излалшо ала, абзазаратә маҭәахәқәа рыла ацхыраара рынаҭоит. Есымза имҩаҧнаго апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, афонд ахьӡала,  иахьа ацхыраара рзыҟаҵан Шарамбаиа рҭаацәа. Ирыгыз-ирыбзаз заа еилкааны урҭ ирызнаган ателевизор, архьшәашәага, аӡы зладыршуа абак уҳәа, анхараҿы ирыхәаша амаҭәахәқәа.

Аҩнаҭа аҧшәмаҧҳәыс Есико Ҳашыгҧҳа  излалҳәаз ала, ахшара рацәа шрымоу азгәаҭаны, рсоциалтә ҭагылазаашьа ахьхьысҳау иазхьаҧшны, аҳәынҭқарра анапхгареи,  ахатәы наплакқәеи  изныкымкәа  адгылара рырҭахьеит. Иара убас, зымҩа иаанымхеит  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны».

«Сара, Аҧсны ари аҩыза афонд ыҟоуп ҳәа ансаҳа, схы еиҭасҳәарц уи аусзуцәа срызнеит.  Ашықәс  ҿыц алагамҭаз акәын. Сҭагылазаашьа азгәаҭаны, схәыҷқәа аныҳәа иаҧылартә еиҧш ацхыраара сзыҟарҵеит. Убасҟан ажәа сырҭеит, ҩаҧхьа ахаҵгылара шсырҭо, ахшара рацәа ахьсымоу азҧхьагәаҭаны. Ражәа нарыгӡеит.  Изызҳауа схәыҷқәа рыхьӡала иҭабуп идуны ҳәа расҳәарц сҭахуп «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа аҧхьа днаргыланы, гәыблала  сыздызкылаз аусзуцәа зегьы.  Иаҳзаажәгаз аҩнымаҭәахәқәа зегьы,  ииашаҵәҟьаны иҳагқәаз роуп.  Аҩнтәи сусқәа рҟны акыр сдырманшәалоит»-ҳәа азгәалҭеит жәҩык ахшара ран Есико Ҳашыгҧҳа.

 Аҩнаҭа аҧшәма  Реваз Шарамбаиа, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра  далахәын. Игәабзиара шуашәшәыроугьы, иҭаацәа рныҟәгаразы ихы деигӡом, аргыларақәа рҿы аус иуеит. Игәы рыладууп иахьа иашҭа ҭырцәажәаауа аҭынч жәҩан  аҵаҟа  изызҳауа ихшара.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» акәзар, ҳтәыла адемографиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра, ахықәкы хадақәа ируакуп.

Subscribe to Syndicate