Апроект «Атеатри ахәыҷқәеи» аусура иацнаҵеит

Embedded thumbnail for Апроект «Атеатри ахәыҷқәеи» аусура иацнаҵеит

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» аҧшьгарала,  Очамчыра араион иаҵанакуа ақыҭақәа Гәыҧ, Акәасқьа, Арасаӡыхь абжьаратә школқәа рҟынтә, Гагратәи абжьаратә  школқәа хҧа рҟынтә  ашколхәыҷқәа, иара убас ҳџьынџьуаа хәыҷқәа  алшара рыман Аҧснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҭаара.  Урҭ ирыцын арҵаҩцәеи, афонд ахаҭарнакцәеи.  Ашколхәыҷқәа рхыҧхьаӡара 100-ҩык рҟынӡа инаӡон. Дара ахәаҧшит  Самсон Ҷанба ипиеса иалху «Амҳаџьырцәа» ала иқәыргылоу аспектакль. Аспектакль ианыҧшуеит а-19-тәи ашәышықәсазы Кавказтәи ажәларқәа реиҧш,  аҧсуа жәларгьы атрагедиа ду шырхыргаз,  аҭоурыхтә мзызқәа ирхырҟьаны атәым ҳәынҭқаррақәа рахь  ишахнагаз.  Ҟазара ҳаракыла иқәыргылоу аспектакль ахәаҧшҩы акыр дазнархәыцуеит, еснагь аҧсҭазаараҿы агәаҽанызаара инаҭоит,  амилаҭ жәларык аҳасабала ахыхьчара  шырҭахәу ранаҳәоит,  аҧхьаҟатәи рҧеиҧш лашазы ақәҧара иазыхиазар шакәу агәра днаргоит.

Аҵаҩцәа даараӡа ибзианы ирыдыркылеит актиорцәа инарыгӡаз арольқәа. Урҭ ргәаанагарала, актиорцәа ирылдыршеит афилософиатә ҵак ду аҭаны ахаҿсахьақәа раарҧшра. Ирҳәеит Аҧсадгьыл ахьчареи, аидгылареи, аилибакаареи еснагь ауаатәыҩса ирылазарц шакәу.

Аспектакль ахәаҧшра иаҭааз асасцәа-қәыҧшцәа,  афонд ахарџьала шьыбжьхьа рзеиҿкаан  акрыфарҭа «Нарҭаа» аҟны.

 Апроект  «Атеатри ахәыҷқәеи» аусура иацҵоуп есымза.  Аҧхьаҟа  иазгәаҭоуп егьырҭ араионқәеи ақыҭақәеи рҟынтәи  ашкол аҵаҩцәа злахәу апроект анагӡара. 

Subscribe to Syndicate