Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы агәаанагара.

Аиҿцәажәара далахәуп, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» афинансқәа рхеилак аиҳабы Беслан Кәыҵниа.

Сара саб иҟынтәи схәыҷы аахыс лассы-лассы исаҳауан, ахҵәара иақәшәаз ҳашьцәа рыӡбахә. Сзыҧхьоз ашәҟәқәа рыла издыруан,  аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рхыҧхьаӡара  шмаҷмыз.  Еилыскаауан адунеи иқәынхо аҧсуаа зегьы рзы Аҧсны рыҩны шакәыз.   Уажәтәи аҭагылазаашьаҿы ахақәиҭра ҳамоуп, аиҭанаиааира рацәахо иалагеит, аимадара еиҳа аҽарӷәӷәеит. Аҳәаанырцә инхо аҧсуаа арахь раара уадаҩхеит. Избанзар, ишиашоу амҩақәа аартӡам.  Дареи ҳареи еснагь адиалог ҳабжьазароуп.  Сара хаҭала изныкымкәа Ҭырқәтәыла сцахьеит, уа инхо ргәы азыбылуеит рыҧсадгьыл.   Аха, агәыбылра мацара азхаӡом. Иҟоуп ара анхара иамышьцылакәа  игәааны ихынҳәны ицақәазгьы. Рыҧсадгьыл иацәымгәаароуп. Ииашоуп, ауадаҩрақәа рацәоуп. Аха, арҽеишьа ҳақәшәароуп. Уара уыҩны ушаҧшәымоу, ухаҭа еилыукаароуп, иуацәажәогь еиликаароуп.  Ҳаидымгылар, ҳрацәамхар ҧсыхәа ҳамаӡам.  Ҭырқәтәыла инхо аҧсуаа изланхо атәым жәлар инарылаӡҩа ицар ҟалоит. Уи алаҳмыршароуп. 

Адунеи аҿы ирацәоуп арепатриациа азҵаара иадҳәало аҿырҧшқәа, аҧышәақәа. Хазҿыҧшырц зылшои ҳара?

Ауриақәа арепатриациа аганахь ала ирымоу аҧышәа рҿаҳҵаароуп. Асакараҿы аханатә рҽеидкыланы, рҳәоу еиқәшәаны, аҳәынҭқарра аргылара рылдыршеит. Сара изныкымкәа уахь сцахьеит. Аекономика, аполитика, арра-маҵзура, амедицина, аҵара-дырра, уҳәа иарбан хырхарҭазаалак зегьы рыҩаӡара ҳаракыуп. Дара-дара аидгылара анаадырҧш, ирыдгылоз  атәым ҳәынҭқаррақәагь рацәахеит. Америка, Урыстәыла уҳәа. Иахьа,  Израиль иҧхьагылоу ҳәынҭқарроуп ҳәа иуҧхьаӡар ҟалоит. Иарбан усзаалак ииашоу апрограммала еиҿкаатәуп.  Ашәара аҭахӡам. Аҧсуаа, Ҭырқәтәылеиҧш шаҟаџьара инхоузеи, арахь иааҳгароуп, ҳрыцхраароуп,  ҳаргьы иҳацхраауеит нас.  Ҳара шьала-дала  ҳаишьцәоуп. Дара азныказы ирцәыуадаҩхаргьы, ииуа рхәыҷкәа ирзымариахоит анхара. Аҧсышәала ицәажәо иалагоит, аҧсышәала аҵара роуеит, рыҧсадгьыл иаҧшәымацәаны иҟалоит. Ҳҳәынҭкарра еицышьақәҳаргылароуп.

Изныкымкәа Ҭырқәтәыла уцахьеит, ҳдиаспореи уареи шәеиқәшәахьеит Узацәажәоз аҿар Аҧсны аганахь ала ирхәыцшьои?

Саҧсыуоуп ҳәа зхы зыҧхьаӡо, Аҧсныҟа сцар сҭахыуп ҳәа   ауп ииҳәо. Аҿар, рыҧсадгьыл аганахь ала, рыхдырра еизҳаит. Ҳаргьы иреилҳаркаароуп рыда ҧсыхәа шҳамам. Зегь раҧхьа иргыланы, рыҧсадгьыл ишаҭахыу рызнаҳгароуп.  Аҧсны ҳнеир ҳзанааҭ ала аусура ҳауама ҳәа азҵаара ықәдыргылоит.

Ргәы иҵхо азҵаарақәа рҳәааит, еиҿыркааит, рыбжьы дыргааит. Аҿар Аҿар еиҭанаиааилароуп, ажәлантәқәа еибаҧшаароуп. Апропоганда ҳагыуп. Аҧснынтә  ицаны ирацәажәалатәуп. Шәааи, шәаҳҭахыуп - аҳәара мацара азхаӡом. Аҳәынҭкқарра иҟанаҵо маҷӡам уи аганахь ала. Нхара-нҵырала, усурҭа ҭыҧла еиқәдыршәоит. Иҟоуп зхы иақәгәыӷны, аара зылшогьы, малла ирыцҳам ауаа. Ҳаидызкыло ииашоу ажәабжь ҳабжьазароуп.  

Аҧсадгьыл еиҳа ашәарҭа ианҭагылаз аамҭазы уи ахьчара иааит ҳџьынџьуаа. Иҟоуп урҭ рахьтә хаҭала иудыруа уҩызцәа. Усҟантәи аамҭазы рхымҩаҧгара иахыуҳәаауазеи?

Аҧсадгьыл ахьчара иааз  руалҧшьа нарыгӡеит.  Рыҩны рыхьчеит.  Аҧсадгьыл ахьчаҩ еснагь пату иқәуп. Уи ахаҵара иатәуп, аҧсуара иатәуп. Акыр шықәса ҳазхымҵуаз аҳәаа ҳабжьан.  Уа рыҩнқәа ыҟан, рҭаацәа ыҟан. Зегь кажьны аара цәгьан. Аибашьра анцоз урҭ арахь раара, ҳәарада ибзианы иҳадаҳкылон. Ҳгәы шьҭыҵуан, ҳашьцәа ҳзааит ҳәа ҳаигәырӷьон. Иҟоуп, аибашьра анаҩс ара иаанхаз, аҭаацәара аҧызҵаз, иахьа зыҧсадгьыл аҟны аӷьараҳәа инхо.  Рыхгьы иахәоит, рыуаажәларгьы ирыцхраауеит. Имаац ракәзар, хымҧада ҳарзыҧшуп.  

Subscribe to Syndicate