Аҧсны икоммерциатәым аиҿкаарақәа рассоциациа анагӡаратә директорс дҟаҵоуп Алхас Ҭҳагәышь

Иахьа, рашәарамза 6 рзы, имҩаҧысит Аҧсны икоммерциатәым аиҿкаарақәа рассоциациа изаамҭанытәиу аизара. Уаҟа  далхын Ассоциациа адиректор ҿыц,  Алхас Ҭҳагәышь.

 Уаанӡа Ассоциациа напхгара азиуан Сонер Гогәуа.

Алхас Ҭҳагәышь, ауаажәларратә еиҿкаара «Ассоциациа «Инва-Содействие» еиҳабыс дамоуп, иара убас Аҧсны икоммерциатәым аиҿкаарақәа рассоциациа ашьақәыргылаҩцәа дыруаӡәкуп.

Subscribe to Syndicate