Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи ахәаахәҭратә хаҭарнак В.А. Некрасов иҧылара

Иахьа, имҩаҧысит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуеи Аҧсны иҟоу  Урыстәылатәи ахәаахәҭратә хаҭарнак Владимир Некрасови  реиҧылара. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, иара убас аиҧылара иалахәын Мақсим Ӷәынџьиеи, Асида Инаҧшьҧҳаи.

Аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Сонер Гогәуа Владимир Некрасов еилиркааит афонд аусура ахықәкы, иара убас дырзааҭгылеит зеицымҩаҧгара алшахар ҟало аҧсуа-аурыс проектқәа ртәы.

Аиҧылара мҩаҧысит  аҧхарра аҵаны, аҩганкгьы ргәаанагарақәа еимырдеит ахәаахәҭратә уснагӡатәқәа ирыҵаркуа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла.

Subscribe to Syndicate