Аҧснынтә Адаҧазарҟа дышьҭуп аҧсуа бызшәа арҵаҩы

​Адаҧазар иҟоу  аҧсуаа рхеидкыла  аҭаххара инақәыршәаны, Аҧсны аҵараеи аҭҵаарадырреи рминистрра ақәшаҳаҭхарала, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахарџьала,  Ҭырқәтәыла,  аҧсуа бызшәа дырҵаразы  ддәықәҵоуп Аза Шамҧҳа. Аҵаратә процесс мҩаҧысуеит ҧхынҷкәынмза акы инаркны, мшаҧымза акынӡа.

Аза Шамҧҳа, шықәсқәак раҧхьа, Ҭырқәтәыла, Ҵабалаа ирхылҵшьҭроу аҧсуаа ахьынхо Енегиоль ақалақь аҿы,  аҧсуа бызшәа дырҵаразы дышьҭын. Усҟан лара даара қәҿиарала лхы аалырҧшит. Агәра ҳгоит, Аза Лиосик-иҧҳа, илыду аҭакҧхықәра шыналыгӡо,  лырҵаҩратә ҧышәа алҵшәа шаиуа.  Мҩамш!

Subscribe to Syndicate