Аҧснынтәи аҳақьым-атравматолог Ермантәылаҟны иҧышәахысра.

Мышқәак раҧхьа, Ермантәылантәи дхынҳәит Аҳәынҭқарратә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым- атравматолог, Аррахәышәтәырҭаҟны атравматологиатә ҟәша аиҳабы - Гьаргь Морохиа. Иара Ермантәыла, ақалақь Ереван аҟны «Ицқьоу Анцәа иан» Еревантәи ахәышәтәырҭаҟны абҵарамза 10, 2019 ш. инаркны 30-нӡа иҧышәа аизҳара дахысуан.

Зыӡбахә ҳәоу аҧышәахысра амҩаҧгара алшара аиуит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" иабзоураны. Ари аҭаара еиҿнакааит иара убас ахарџьқәа зегьы ахахьы иагеит афонд.

Аҳақьым Гьаргь ихаҭа изы асеиҧш иҟоу аҧышәахысра аинтерес змоу хҭысхеит. Иара дрылахәын аоперациақәа, уаҟа иоуит хәы змаӡам аҧышәа.

"Аҳақьымцәа, аиҳарак аҧҟаҩцәа рзын, аҧышәа аимдара аҵак ду амоуп, џьара адырра ҿыцқәа уоуеит, џьара баша иумоу аҧышәеи, адыррақәеи шьақәурӷәӷәоит", - иҳәеит Гьаргь Морохиа.

Subscribe to Syndicate