Аҧснытәи аделегациа Иорданиа.

Арҭ амшқәа рзы, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа напхгара зиҭоз Аҧснытәи аделегациа Иорданиа, Хашимиттәи акралра иаҭааит.  Уи  аилазаараҟны иҟан: Аҧсны аекономика аминистрра аҟны иҟоу аҳәынҭқарратә инвестициатә  маҵзура адиректор Алмас Ҭаниа,  афонд аусзуҩ Жанна Леиҧҳа, афонд ахьӡала Ҭырқәтәыла иҟоу ахаҭарнак  Џьенгиз Ашәба, аусдкылаҩцәа  Витали Смыр,  Дмитри Аргәын, Беслан  Џьапуа, ауаажәларратә палата  алахәыла Низам Ҳаҧаҭ. Аҧхьатәи амш азы имҩаҧысит аекономикатә хырхарҭа змаз аиҧыларақәа, иара убас аҧсуа-адыга диаспора ахаҭарнакцәа злахәыз аизара. Ахәҭакахьала, иазааҭгылан аҩтәылак рыбжьара ақыҭанхамҩатә  усқәа рхырхарҭала аусеицура азҵаара.

«Иорданиа, аҳауатә ҭагылазаашьа ахаҭабзиара иалнаршоит ақыҭанхамҩа қәҿиарала арҿиара. Ҳара ҳ-Аҧсынрагьы иҟоуп узхәаҧшыша, иудыукылаша аҧышәа» - ҳәа азгәеиҭеит Беслан Џьапуа. 

Ашәырқәеи ауҭраҭыхқәеи рекспертцәа рассоциациа акырӡа ибеиоуп, Иорданиа анҭыҵгьы аус ауеит, жәларбжьаратәи аџьармыкьа мҽхакы ҭбаала иаҵанакуеит.

Аҧснытәи аделегациа, ассоциациа алахәылацәа ҳтәыла аекономикеи, атуризми иадҳәалаз ихаҭәааз аинформациа рырҭеит. Алмас Ҭаниа, Аҧсны азакәанқәеи, аекономикатә инвестициеи ҷыдала дрылацәажәеит.

Ашәырқәеи ауҭраҭыхқәеи рекспертцәа рассоциациа ахаҭарнакцәа ираҳаз ажәабжь гәахәала ирыдыркылеит, ирбаз Аҧсны асахьақәа акыр ихырхит. Иазгәарҭеит иаарласны ҳтәыла ишаҭаауа.

«Иорданиа, ҳара аекономикатә  хырхарҭа анаҩсангьы, ҳзықәгәыӷуа ҩызаны,  тәыланы ҳахәаҧшуеит. Зықьҩыла ҳџьынџьуаа рзы ҧсадгьылк иаҩызаны иҟалеит. Ҳара иаҳҭахәуп аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара, ҳашьцәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл разхьарҧшра» - ҳәа азгәеиҭеит  афонд ахада Сенер Гогәуа.

Аҧсны  аинвестициа алагалара хадаратә зҵаараны иҟалеит Иорданиатәи аилазаараҟны имҩаҧысыз аиҧылараҟны.

Иорданиа ахәаахәҭратә, аинформациатә, афинанстә хырхарҭақәа рҿы қәҿиарала аинвестициа арҿиоит, мрагыларатәи арегион аҿы ари аҳәынҭқарра аихьӡара амҩа иануп. Ҳара ҳазҿлымҳауп шәҧышәа адкылара, иара убас Иорданиантә аинвестициа Аҧсны адыҧхьалара» -иҳәеит Сенер Гогәуа.

Аусурақәа аҳәаа ирҭагӡаны, ачерқьес быргцәа реилазаареи, ачерқьестә абиҧара ҿа аклуби рҟны Аҧснытәи аделегациа злахәыз аиҧыларақәа мҩаҧысит.

«Иорданиа иҟоу аилазаара даара азҿлымҳара анаҭоит аҿар аҧсуа милаҭтә культура рылааӡара, ахаҧшьгаратә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаара. Аҧсадгьыл анҭыҵ уи аҵакы даараӡа иӷәӷәоуп. Уи аҟны аҳәынҭқарра анапхгара рылша хымҧада ирацәоуп, аҭагылазаашьа рзаҧнаҵоит ахеиқәырхаразы, атәыла иқәынхо ажәларқәа ркультурақәа реигәныҩразы» - ҳәа азгәеиҭеит  Сенер Гогәуа, Иорданиа иҟоу ачерқьес быргцәа рхеилак аиҳабы даниҧылоз.

Аиҧыларақәа рхыркәшамҭазы, аҧшәмацәеи асасцәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.  

Subscribe to Syndicate