Аҧснытәи аделегациа усуратә хырхарҭала Иорданиа иаҭааит

Арҭ амшқәа рзы Иорданиа аҳҭны қалақь Амман иаҭааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа напхгара ззиуа аделегациа. Уи аилазаараҿы иҟоуп: «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим  Ӷәынџьиа, афонд аҟны аус зуа аҿартә политиака ахеилак анапхгаҩы,  Аҧсны аекономика аминистрраҿы иаҧҵоу аинвистициатә маҵзура аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Симон Агрба, аусдкылаҩ Дмитри Аргәын. 

Аҧснытәи аделегациа Иорданиаҟа  рцара  хықәкыс иамоуп уаҟа имҩаҧысуа  аекономикатә  форум аҽалархәра.

Иорданиа иҟоу «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнак,  ҳџьынџьуаҩ Инал Ҳаҭхәеи, ауаажәларратә еиҿкаара «Кәбани», амилаҭ дыгатә телерадиоеилахәыра "Нарҭ-ТВ" анапхгареи,  Аҧснытәи аделегациеи  апрограмма инарҭбааны иалацәажәеит, ахырхарҭа арҭеит.

Имҩаҧысит Иорданиа  аиҳабыра реилазаараҿы иаҧҵоу  аинвистициа аҟәша ахаҭарнакцәа злахәыз аизара. Иара убас,  Иорданиатәи аусдкылаҩцәеи, ҳџьынџьуааи  злахәыз Аҧсны аекономикеи аинвистициеи рылшарақәа ирызкыз аӡыргара. Аҧснытәи аделегациа аизара иалахәыз иддырбеит ҳтәыла иазкыз афонд иазнархиаз афильм, абуклетқәа.  Иорданиеи Аҧсни рыбжьара ахәаахәҭра аганахь ала наҟ-ааҟ   аҭагылазаашьа азгәарҭеит, азҵаарақәа  рҭакқәа ҟарҵеит. Аизара мҩаҧысуан англыз бызшәа мацарала хсааҭк иназынаҧшуа.  Аҧсны иазкыз  аинформациа нарҭбааны дазааҭгылеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим  Ӷәынџьиа. Симон Агрба, аекономикеи аинвистициеи рганахь ала инарҭбааны ажәахә ҟаиҵеит.

Иорданиа аекономика аминистрра аҟны иаҧҵоу  адәныҟатәи ахәаахәҭреи аинвистициеи  рыҟәша аҟны аизара мҩаҧысит.  Уаҟа иазааҭгылан 2018 ш.азы, Аҧсны аекономика аганахь ала ецимҩаҧыргараны иҟоу аизара ишьҭнахуа азҵаарақәа.

Subscribe to Syndicate