Аҧсуа цҳа-аурыс ҭак.
27/10 2016
Арҭ амшқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Москва ақалақь иаҭааит Тырқәтәыла инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа: Ҭырқәтәылатәи Ареспублика апарламент адепутат Енгин Ҭаскәач-иҧа Папба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсуа Федерациа ахантәаҩы Аҳмеҭ Ҳаҧаҭ. Урҭ ааҧхьаара рыман Урыстәылатәи ателеканал «Царь-Град» аканал ахь. Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи реизыҟазаашьа иазкны аурыс журналист Андреи Афанасиев данрыҿцәажәоз иазгәарҭеит:
Енгин Папба, Ҭырқәтәыла Ареспублика апарламент адепутат :
«Тырқәтәыла инхо аҧсуа диаспора аҿиарамҩа иануп. Зегь раҧхьаӡа иргыланы, Ҭырқәтәылатәи ауаажәларра рҟны рхатә ҭыҧ ааныркылоит. Шықәсык аҧхьа, Москвеи Анкареи рыбжьара имҩаҧысыз ахҭысқәа инарымаданы, Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспора зегь раҧхьаӡа иргыланы, уи аизыҟазаашьа иаарласны аҭышәныртәалара аӡбара рҽазыршәеит, аиҿцәажәарақәа рылахәхарагьы иазыхиан. Акризис аныҟала аҧхьатәи амшқәа рзы, аҧсуа диаспора аҟынтә адепутатцәа Москваҟа иааит. Излауаз ала, иаофициалтәыз, иара убас иофициалтәымыз аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргеит, аимак-аиҿак иаарласны аҭыҧ ақәҵаразы. Аҧсны инхо аҧсуа жәлар зегьы реиҧш, Ҭырқәтәыла инхо аҧсуа диаспора шьахәла ирдыруеит, Аҧсны аганахь ала, Урыстәыла имҩаҧнаго ацхыраара ду. Убри аҟынтә апсуа диаспора адгылоуп, Москвеи Анкареи реизыҟазаашьа аҭышәныртәалара».
Аҳмеҭ Ҳаҧаҭ, Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсуа хеидкылақәа рфедерациа ахантә аҩы:
«Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсуа хеидкылақәа рфедерациа, Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарра амацара имҩаҧнаго аполитика адгылара анаҭаӡом, Урыстәыла имҩаҧнаго аполитика еилкаарыла иазнеиуеит. Ҳара иаҳдыруеит, Урыстәылеи Аҧсныи реизыҟазаашьақәа шыбзиоу, аиҩызареи аусеицуреи шрыбжьоу. Аҧсны ирацәаҩуп Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы змоу ауаа. Ҭырқәтәыла инхо аҧсуаа рзы, Урыстәыла лашарбагамҩоуп. Ҳара ҳҽазаҳшәоит Ҭырқәтәыла Аҧсны Ахьыҧшымра азханаҵарц. Аҧсны- Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи еимаздо цҳауп, уи иабзоураны атәылақәа реизыҟазаашьа еиӷьхоит. Ҳара ҳажәҩахыр адаҳҵоит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьа аиӷьтәра иазку аусқәа, анегативтә цәырҵрақәа раҧыхра».
Андреи Афанасиев, ажурналист:
Агәыӷра ааҳарҧшуеит аҧсуа адиаспора ахьынхозаалакгьы, зыӡбахә ҳамоу аҩҳәынҭқаррак рыбжьара релибакаара аус аҿы анырра ҟарҵап ҳәа. Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи ирҳасабша рацәоуп Сириа иҟоу аҭагылазаашьаҿы.