Аҧсуа пародиеи алафи рныҳәа мҩаҧысит.

Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысит аҧсуа пародиеи алафи рныҳәа иазкыз ахәылҧаз. Уи еиҿнакааит афилалогиатә факультет акафедреи,  Анатоли Лагәлаа редакторс дызмоу ажурнал «Алашара»  аредакциатә еилазаареи.  Аиҿкааратә усқәа рҟны финансла ацхыраара ҟанаҵеит  Сонер Гогәуа хадара зиҭо ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны».

Еизаз зегьы агәалаҟара бзиа роуртә еиҧш аҭагылазаашьа рзаҧырҵеит урҭ  рҿаҧхьа иқәгылақәаз ажәа азҟазацәа:  Анатоли Лагәлаа, Терент Ҷаниа, Арда Ашәба, Владимир Занҭариа, Валентин Коӷониа, Альбина Анқәабҧҳа, Гәында Сақаниаҧҳа, Гәында Кәыҵниаҧҳа, Адгәыр Какоба, Нугзар Логәуа, Дмитри Габелиа, Алхас Чхамалиа, Инал Гыцба, Ҳаџьараҭ Ҳаџьым, Анатоли Алҭеиба.

Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә универстет аректор Алеко Гәарамиеи, иара убас ахәылҧаз аиҿкааҩцәа  ируаӡәку Анатоли Лагәлааи, Арда Ашәбеи  ҭабуп ҳәа рарҳәоит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  аусзуцәа, ахәҭакахьала  уи ахада Сонер Гогәуа.

Афонд ахьӡала ахәылҧаз рхы аладырхәит  акультуреи, аҵарадырреи, аҧсуареи, арепатриациеи, адемографиеи рхеилакқәа рнапхгаҩцәа Нугзар Логәуа, Оқтаи Ҷкотуа, Сырма Ашәҧҳа.

Subscribe to Syndicate