Аҧсуа сахьаҭыхҩы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» акультуреи, аҵарадырреи рхеилак анапхгаҩы Нугзар Логәуа 60ш. ихыҵит.

Ҳаҭыр зқәу Нугзар  Ҷыҷыкәа-иҧа!

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа гәык-ҧсык ала ишәыдырныҳәалоит шәира мшы! Ишәзеиӷьаршьоит агәабзиара, аҧсуа иқәра нҵыра ду!

Аҧсуа культура аизҳазыӷьареи, ҳажәлар рмилаҭтә ҟазара аҩаӡара ашьҭыхреи, уи адунеи аларҵәареи рҟны шәылшамҭақәа  акырӡа ирацәоуп. Шәара, еицакра зқәым шәсахьаҭыхратә  баҩхатәра иабзоураны, шәнап иҵышәххьоу  аҧҵамҭақәа рцәыргақәҵара алыршахахьеит Аҧснеиҧш, уи анҭыҵгьы. Шәусумҭақәа рахьтә иҟоуп,  ҳажәлар рҭоурых иаҿахәҳәаганы, ҧсра-ӡра рықәымкәан наӡаӡа ҳтәыла иазынхаз, ҳаибашьцәа рыхьӡала иҟашәҵаз аскульптурақәа. Ирацәоуп ус еиҧш, ҵакылеи, ҟазарылеи, ҳмилаҭтә культура абеиара ахәҭақәеи рыла  еиҿартәу, шәаҧҵамҭақәа.  Агәра ҳгоит, бзиа ижәбо, ҧсабарала Анцәа ишәылеиҵаз, доуҳала ибеиоу шәҟазара аҧхьаҟа аҿиара шаиуа. Убри азы, ҳазшаз агәамчи, алшареи шәиҭааит. Шәҭаацәеи, шәыуаажәлари шәрыгымзааит! Изызҳауа, шәгәыӷрақәа здышәҳәало шәмоҭацәа шәрылагәырӷьааит! Шьардаамҭа! 

Subscribe to Syndicate