Аҧсуа ҭҵааратә институт аҭоурых аҟәша ауадаҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшоуп

Ааигәа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуа Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуа ҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәбеи, аусеицуреи аиҩызареи рыбжьаҵаразы  аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахахьы иагеит Аҧсуаҭҵааратә институт аҭоурых аҟәша ауада аремонт аҟаҵара.

Иахьа, аусурақәа анхыркәшаха ашьҭахь, уи иаҭааит афонд ахада Сенер Гогәуеи, афонд аҟны иаԥҵоу аԥсуаразы ахеилак анапхгаҩы Оқтаи Ҷкотуеи.  Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуа ҭҵааратә институт анапхгареи, аусзуцәеи «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны»  ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Subscribe to Syndicate