Аҧсуаҭҵааратә институт ацхыраара аҭоуп

Ҳара ҳапроект «Адырра ҿыц» аусура иацнаҵоит.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт Ахыҵхырҭаҭҵааратә ҟәша ҳамҭас ианаҭеит акомпиутертә техника.

Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны Ахыҵхырҭатә ҟәша имҩаҧнагоит акрызҵазкуа, ихәарҭоу аус. Уахь иаҵанакуеит еиуеиҧшым ахыҵхырҭақәеи, аусшәҟәқәеи реиҭашьақәыргылара, иара убас ижәытәу анапылаҩырақәеи, аҭыжьымҭақәеи реиҭагара.

Ахыҵхырҭатә ҟәша аиҳабы, Саида Возҧҳа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа ҭабуп ҳәа иалҳәеит ас еиҧш иҟоу ацхырааразы.

«Ҩаҧхьа, агәыӷра ҳамоуп ари аусеицзура арҭбаара шалыршахо, иара убас Ахыҵхырҭаҭҵааратә ҟәша ҩаҧхьа иахьынӡауа аҵхыраара шаҭахо» - иҳәеит Сонер Гогәуа.

Subscribe to Syndicate