Арҭ амшқәа рзы Аҧснынтә Ермантәылатәи Ареспубликахь ҽыхәышәтәра идәықәҵоуп ДЦП ачымазара змоу ҧшьҩык ахәыҷқәа.

Иахьа, Ермантәылатәи Ареспублика зыхьӡ нагоу  амедецинатә центр «Святая Богоматерь» аҳақьым хада Николаи Огонес-иҧа Долокиан, Аҧснытнтә инеиз ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа идикылеит. Аҳақьым хада иҩызцәеи иареи ахәыҷқәа  азеиҧш медицинатә гәаҭарақәа ирыхрыжьит. Иҟарҵаз азгәаҭарақәа инарықәыршәаны, ҧшьҩык ахәыҷқәа рахьтә аӡәы аҧҟара иқәшәоит, хҩык аортез рзыҟарҵоит.

Аҧснынтә ахәыҷқәа уахь  рцара алыршахеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» Ермантәылатәи аҳақьымцәеи заа ирыбжьарҵахьаз аиқәышаҳаҭра инақәыршәаны.  Ахәыҷқәа рыхәышәтәра иартәо ахарџь рхахьы иргеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи».

Ермантәылатәи аҳақьымцәа гәахәарыла иазнеиуеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго аусура. Ахә ҳаракны иршьоит ахәыҷқәа ргәабзиара ашьақәыргылара иадҳәалоу апроектқәа ҷыдала ахаҵгылара ахьарҭо. «Аҧсны инхо амилаҭқәа рыбжьара иҟоуп аерманқәа. Урҭ рахьтә иуҧылар алшоит зсоциалтә тагылазаашьа хьысҳау, аҽыхәышәтәразы ацхыраара зҭаху ахәыҷқәа. Ҳара милаҭ еилых ҟамҵакәа излаҳалшо ала амедицинатә цхыраара ҟаҳҵалоит аҧхьаҟагьы»-ҳәа азгәарҭоит Ермантәылатәи аҳақьымцәа. 

Subscribe to Syndicate